Аҩаша, 11 Абҵара 2025 15:03
Гәынба Бадра Никарагуа Ареспублика Ахада Даниел Ортега Сааведра Иира амш азы адныҳәалара ҟаиҵеит
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Гәынба Бадра Никарагуа Ареспублика Ахада Даниел Ортега Сааведра Иира амш азы адныҳәалара ҟаиҵеит.
Ҳаҭыр зқәу Никарагуа Ареспублика Ахада шәхацкы!
Аԥсны жәлар рыхьӡала, хаҭала сара сыхьӡала гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит 80 шықәса шәхыҵра иазку аиубилеитә рыцхә!
Шәара шәыԥсҭазаареи шәусуреи ажәлари Аԥсадгьыли рымаҵ ауразы иреиӷьу ҿырԥшыганы иҟоуп. Ажәашықәсақәа рыҩныҵҟа Шәара ԥсахрада Никарагуа Ареспублика аинтересқәа рыхьчара шәаҿуп аиашареи, ахьыԥшымреи, асуверенитети рыпринципқәа рықәныҟәарала. Шәара шәԥышәеи шәымч-шәылшеи ирыбзоураны атәыла аҿиара амҩа иануп, жәларбжьаратәи аренаҟны апозициақәа есааира ирӷәӷәо, ишәылшо зегьы ҟашәҵоит атәылауаа рԥеиԥш бзиазы.
Аԥсны ҷыдала ҳаҭырла ишәзыҟоуп Шәара, ҳажәлар ҩызара рзызуа, иналукааша аҳәынҭқарратә усзуҩык иаҳасабала. Ҳара ахә ҳаракны иаҳшьоит Аԥсни Никарагуеи ирыбжьоу аиҩызара бзиеи аилибакаареи, иагьҳхашҭӡом Шәара шәтәыла раԥхьаӡа Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьыԥшымра азхазҵаз атәылақәа ишыруаку.
Ҳаҭыр зқәу Ахада шәхацкы, гәык-ԥск ала ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, ақәранҵыра ду, агәамч, Никарагуа ажәлар реизҳазыӷьара ахьӡала аихьӡара ҿыцқәа. Иара убас гәыкала илыдысныҳәалоит ари арыцхә Никарагуа Ареспублика ацнапхгаҩы, ҳаҭыр зқәу Росарио Мурильо, иара убас шәтәыла иқәынхо ажәлар зегьы ирыдыскылоит аҭынчра, аизҳазыӷьара.
Икьыԥхьуп
Новости