Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Гәынба Бадра Москватәии Урыстәыла Зегьи Апатриарх Кирилл Иира амш идиныҳәеит.
▫️ «Шәыԥшьаҳаракыра!
▫️ Гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит Шәира амш, ишәыдыскылоит иреиӷьу азеиӷьашьарақәа.
▫️ Гәык-ԥсык ала исҳәарц сҭахуп ҳаҭыр дула сшышәзыҟоу, анцәаимаҵзураҟны иаашәырԥшуа аҟәыӷареи агәазыҳәареи, аиашахаҵаратә жәларқәа рдоуҳатә акзааразы ԥсахрада имҩаԥыжәго аусуразы.
▫️ Ҷыдала иазгәасҭарц сҭахуп Аԥсны аиашахаҵаратә ԥшьаҭыԥқәа, ҳдоуҳатә ԥсҭазаара, шәышықәсалатәи ҳатрадициақәа реиқәырхаразы, ауаа иныҟәырго анцәахаҵара арӷәӷәараҟны ирышәҭо азҿлымҳаразы. Шәара имҩаԥыжәго анцәаиҳәарақәа, иҟашәҵо адгылара аҵак ду амоуп аишахаҵаратә ҭаацәара ду иахәҭакны зхы збо зегьы рзы.
▫️ Анцәа илԥхала ишәыгымзааит агәабзиара, адоуҳамч, ақәранҵыра ду аҭынчреи, ахирреи, акзаареи рыхьӡала шәнапы злаку аус аԥхьаҟагьы қәҿиарала амҩԥгаразы».