АЖӘАБЖЬ ҾЫЦҚӘА

Ахәаша, 21 Абҵара 2025 17:56

Аԥсны Ахада адомино азы жәларбжьаратәи афедерациақәа рнапхгаҩцәа дырԥылеит

 

 

▫️ Адомино азы жәларбжьаратәи афедерациақәа рнапхгаҩцәа Аԥсныҟа иааит Аԥсны адомино азы Афедерациа Актәи ахада Артур Габуниа игәалашәара иазку иаарту Жәларбжьаратәи аицлабра аҽалархәразы. Аицлабра мҩаԥысуеит абҵарамза 21 инаркны 24 –нӡа Афон ҿыц. 

 

▫️ Аиԥылара иалахәын Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, Аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭеилакы ахантәаҩы ин.н. Ҳагба Ҭарашь, Аԥсны адомино азы Афедерациа ахантәаҩы Ҭемыр Лакербаиа, Габниа Артур игәалашәара иазку Афонд ахантәаҩы Габуниа Алмас.

 

▫️ «Бзиала шәаабеит ҳәа шәасҳәоит! Аԥсны имҩаԥысраны иҟоуп Аԥсны адомино азы Афедерациа Актәи ахада—  адомино азы Афедерациа аԥҵара ахыҵхырҭақәа рыҟны игылаз Габуниа Махаз-иԥа Артур игәалашәара иазку иаарту Жәларбжьаратәи аицлабра. Иҭабуп ҳәа шәасҳәоит ари ауаҩи ҳтәылеи рганахьала иаашәырԥшуа аҳаҭырқәҵаразы!» — иҳәеит Гәынба Бадра.

 

▫️ Ахада аҳәамҭа ҟаиҵеит 2027 шықәсазы Аԥсны адомино азы Аицлабра амҩаԥгара ишазхиоу азы. 

 

▫️ «2011 шықәсазы Аԥсны имҩаԥысыз адомино азы адунеи ачемпионат ҳазгәдууп. Ари ҳара ҳзы акрызҵазкуа хҭысуп, аиԥылара схы иархәаны, исҳәар сҭахуп 2027 шықәсазы Аԥсны адомино азы Аицлабра амҩаԥгара ҳшазхиоу», — иҳәеит Гәынба Бадра.

 

▫️ Ахада иаҵшьны иҳәеит аԥсуа команда атәыла ахьӡала иахьықәгылаз ақәҿиарақәа шамоу, иҳараку апрофессионализм шаанарԥшыз.  

 

▫️  Асасцәа Гәынба бадра иҭабуп ҳәа иарҳәеит аԥхарра зҵаз адкылареи Жәларбжьаратәи аицлабра аҽалархәразы ироуыз алшарази, Аԥсны аҟазаара  дара рзы иамоу аҵак ду азгәаҭаны, ас еиԥш акрызҵазкуа ахҭыс шраҩырмыжьыз.   

 

▫️ Адомино азы Жәларбжьаратәи афедерациа ахада Мануел Окендо иазгәеиҭеит 2011 шықәсазы Аԥсны адомино азы адунеи ачемпионат мҩаԥысижьҭеи 14 шықәса раахыс Аԥсны аҽшеиҭанакыз. .

 

▫️ «Сара 14 шықәса раԥхьа Аԥсны ачемпионат аҟны сыҟан, уи аахыс ара зегьы аҽаԥсахит. Избоит аргыларақәа шымҩаԥысуа, зегьы есааира ишеиӷьхо, ари угәы иахәоит», — иҳәеит иара.

 

▫️ Адомино азы Афедерациа ахада Венесуел Ефраин Веласкес иҳәеит Венесуела ахада Николас Мадуро иҟнытә Бадра Гәынба ихьӡала салам шааиҭыз.

 

▫️ Аҳәынҭқарра Ахада иаҵшьны иҳәеит аибабара, аспорт ала аусеицура аҵак ду шрымоу, урҭ ажәларқәа реиҩызаратә еизыҟазаашьақәа рырӷәӷәара ишацхраауа. 

 

▫️ «Акыр иаԥсоу аҩызцәа, даҽазныкгьы иҭабуп ҳәа шәасхәоит Аԥсны шәахьаҭааз азы. Ҳара ҳзы аҵак ду амоуп ҳҩызцәа рыҟнытә иҳамоу адгылара. Аспорт ауаа еиднакылоит. Шәара шәеидгылараҟны ишәыбжьоу аизыҟазаашьақәа ирыҵоу аԥхарра збоит.  Ари иахьа, иуадаҩу аамҭазы ауаа еизааигәанатәуеит.  Шәара ишәыбжьоу аизыҟазаашьақәа ажәларқәа рыбжьара ауаатәҩсатә еимадарақәа рышьақәыргылара алдыршоит. Аԥсныҟа шәаара ҳауаажәлар гәахәарала ирыдыркылоит.  Шәара — еиуеиԥшым акультурақәа рхаҭарнакцәа, зхатә хаҿра змоу атрадициақәеи амилаҭқәеи еидызкыло уаауп. Ауадаҩрақәа, аиҿагыларақәеи аполитикатә ԥынкылақәеи шыҟоугьы, ауаа еизааигәазтәуа амҩақәа шәыԥшууеит. Шәара ихадароу ауаҩытәҩсатә ҟазшьақәа реиқәырхара шәылшоит шәеидгылара аҩныҵҟа», — иҳәеит Гәынба  Бадра.

Read 0 times
aps25