АЖӘАБЖЬ ҾЫЦҚӘА

Амҽыша, 14 Ԥхынҷкәын 2025 09:00

Аԥсны Ахада Лаҭатәи атрагедиа иалаӡыз Ргәалашәара Амш азы Ааԥхьара ҟаиҵеит

 

Ҳаҭыр зқәу ҳауаажәлар!

 

Ԥхынҷкәынмза 14  — Аԥсны жәлар зегьы рзы лахьеиқәра дуны имҩаԥысуеит. 33 шықәса раԥхьа Лаҭа ақыҭаҟны амацәаз иҭакыз Тҟәарчалынтә Гәдоуҭаҟы зхы хаз авертолиот Ми-8 иеихсны икарыжьит. Уи иҭан аҳәса, абыргцәа, ахәыҷқәа. 

 

Лаҭатәи атрагедиа, ахақәиҭреи аҟазааразы азини рзы ақәԥараҟны ҳзыниаз уаҩы ихахьы изаамго гыгшәыграны, Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ашықәснҵараҟны имӷьаӡо ахәраны ианылеит нуанагӡа.

 

Ҳара иԥшьоу уалны иҳадуп ҳадгьыл аҿы ахааназы ари аҩыза алмыршара. Ҳҳәнҭқарра, аҭынчра еиқәҳархароуп, избанзар уи иахҭынҵаз рацәоуп. 

 

Ҳхырхәоит харада иҭархаз ргәалшәара аҿаԥхьа, рхьаа рыцеиҩаҳшоит урҭ рыуацәа, рҭынхацәа. 

 

Хашҭра рықәымзааит!

 
Read 24 times Last modified on Амҽыша, 14 Ԥхынҷкәын 2025 09:02
aps25