▫️ Аиԥылара иалахәын Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бигәаа Беслан, аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Вараздат Миносиан, ақыҭанхамҩа аминистр Џьопуа Беслан.
▫️ Аиԥылара аартуа, Ахада иаҵшьны иҳәеит ашьхааӡара ареспублика ақыҭанхамҩазы усхк хаданы ишыҟоу. Гәынба Бадра иазгәеиҭеит аилатәара алахәцәа ааԥхьара зриҭаз абри аусхк аҟны ҳазҭагылоу аамҭазы иқәгылоу азҵаарақәа рылацәажәареи атәыла ашьхааӡаҩцәа аҳәынҭқарра аганахьала ирыҭатәу зыда ԥсыхәам ацхыраара рыҭареи рзы шакәу.
▫️ Ақыҭанхамҩа аминистр Џьопуа Беслан адырра ҟаиҵеит ашьхааӡаҩцәа 2022 – 2025 шш. ақыҭанхамҩа аҿиара апрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны ирыҭаз адгыларазы. Уи иажәақәа рыла, аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рыҩныҵҟала абиуџьет аҟнытә ашьхааӡаҩцәа ирзаужьын 23 миллион мааҭ инареиҳаны. Абарҭ ахархәагақәа рыла зқьи бжаки инареиҳаны цыра ашьхапакет, ашьхаԥшыгақәа, иара убас иаахәан ацхацәа аҭыжьразы ацәаҳәа.
▫️ Иазгәаҭан ари аусхк аҟны иҟоу иӡбатәны аԥхьа иқәгылоу ауадаҩрақәа. Ихадароу рахь иаҵанакуеит аалыҵ аҭиреи уи аҳәаа ахыгаразы апроцедурақәа рырмариареи. Иара убас ишьҭыхын аԥсуа шьха ахаҭабзиара иаҵахо, аҭыԥантәи аалыҵ аҭира иаԥырхагоу зыхә мариоу аалыҵ алагалара ақәиҭымтәра азҵаара.
Иара убас иалацәажәеит Очамчыра араион ацха аус адуларазы анаплакы аусура. Азауад ргылан жәашықәса раԥхьа абиуџьет хархәара аҭаны, аха аусура ишахәҭоу еиԥш макьаназы аиқәыршәара залымшац.
Аиԥылара алахәцәа руак ажәалагала ҟаиҵеит аҳәынҭқарратә наплакы ашьхымӡа ааӡаҩцәа қьырала рыҭаразы. Аха аҳәынҭқарра Ахада ас еиԥш иҟаз аԥшьгара мап ацәикит. Аҳәынҭқарра Ахада иазгәеиҭеит, Ареспубликатә унитартә наплакқәа атәыла иахатәны иҟазар шакәу аҳәынҭқарра иахәо иҟаларц азы лыҵшәа аманы напхгара аҭаны.
Аиԥылара аихшьала ҟаҵо, Гәынба Бадра ақыҭанхамҩа аминистрра адҵа аиҭеит ажьырныҳәамза нҵәаанӡа иқәгылоу азҵаарақәа рыӡбаразы ажәалагалақәа аздырхиарц, убри анаҩс, аилацәажәара ду шымҩаԥгахо изыхәҭоу аусбарҭақәа рхаҭарнакцәа алархәны.