▪️ "Ажьырныҳәамза хәба Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аҭоурых аҿы афырхаҵаратә рыцхәны иҟалеит.
▪️ 1993 шықәсазы абри амш аҽны ҳаибашьцәа аӡын агәҭаны аӡиас хьшәашәа Гәмысҭа ирны, Аԥсны аҳҭнықалақь ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа рҟынтә ахы ақәиҭтәразы ажәылара мҩаԥыргеит.
▪️ Рыцҳарас иҟалаз, аоперациа ахықәкқәа рынагӡара залмыршахеит. Аха уи даҽазныкгьы иаанарԥшит Аԥсны жәлар ирымаз хьаҳәа-ԥаҳәарада агәаӷьреи агәымшәареи, Аԥсадгьыл ахақәиҭтәра ахақәиҭтәреи рзы рхы ишамеигӡо, ԥхьаҟатәи Аиааира агаразы акыр зҵазкуа шьаҿаны ишыҟалаз.
▪️ Ажьырныҳәамзатәи ажәылараан иҭахаз афырхацәа ргәалашәара аҿаԥхьа ҳхырхәоит. Урҭ рфырхаҵара ҳажәлар ргәалашәараҿы наунагӡа иаанхоит”.
--