АЖӘАБЖЬ ҾЫЦҚӘА

Аҩаша, 10 Жәабран 2026 19:21

Гәынба Бадра Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭаҿы имҩаԥысыз аныҳәатә дкылара далахәын

    ▫ ️

 

▫ ️ Аҳәынҭқарра Ахада Аԥсны иҟоу Урыстәыла Аҷыдалкаатә Зинмчы змоу Ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалини адипломатиатә хаҭарнакра аколлектив зегьи рзанааҭтә ныҳәа рыдиныҳәалеит.

 

▫️ «Ҳаҭыр зқәу Михаил Александр-иԥа!

 

▫️ Ҳаҭыр зқәу Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәарҭа аусзуҩцәа! 

 

▫ ️ Аԥсны Аҳәынҭқарра анапхгареи Аԥсны жәлари рыхьӡала гәык-ԥсыкала ишәыдысныҳәалоит иахьтәи амш.

 

▫ ️ Урыстәыла адипломатиатә школ иамоуп аҭоурых беиа. Ҳара ибзиаӡаны иаадыруеит урыстәылатәи адипломатиа ианакәзаалакгьы адунеи зегьы аҿы аҭынчреи аҭышәынтәалареи реиқәырхаразы иалшаз шырацәоу. Шәаргьы абри ашкол иналукааша ахаҭарнакцәоуп, профессионалцәоуп.

 

▫ ️ Ҳара ҳзы акырӡа аҵанакуеит Аԥсны Аҳәынҭқарраҿы иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәарҭа есҽны, инеишьҭаргыланы аидгыларатә еимадарақәа реиқәырхареи рырӷәӷәареи рзы иахәҭоу аусурақәа ахьымҩаԥнаго. Урыстәылатәи Афедерациеи ҳареи иҷыдоу аизыҟазаашьақәа ҳабжьаҵара ҳара ҳҳәынҭқарратә политиказы ихадароу хырхарҭаны иҟоуп. Ҳара абри аганахьала аԥхьаҟагьы аусура иацаҳҵоит – уи Аԥсны жәлар ринтересқәеи Урыстәылатәи Афедерациа аинтересқәеи ирыдҳәалоуп азы.

 

▫️ Азин сышәҭозар, акрызҵазкуа ари амш азы аҭакзыԥхықәу шәмаҵзураҿы ақәҿиарақәа шәзеиӷьасшьоит, шәҭаацәарақәа — аманшәалара, ҳтәылақәа — аизҳазыӷьареи аҿиареи!"- иҳәеит Гәынба Бадра.

 

▫ ️ Аусмҩаԥгатә иалахәын Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бигәаа Беслан, аԥыза-министр Делба Владимир, адәныҟатәи аусқәа рминистр Барцыц Олег, Аиҳабыра алахәцәа, ауаажәларра рхаҭарнакцәа.

Read 4 times Last modified on Аҩаша, 10 Жәабран 2026 19:25
aps25