▫ ️ Аҳәынҭқарра Ахада егьи Иусԥҟала Тҟәарчал араион ахада инапынҵақәа рынагӡаҩыс даиҭеит Герман Каҷараа.
▫ ️ Каҷараа Герман Виачеслав-иԥа диит 1993 шықәса жәабранмза 1 азыы Тҟәарчал ақалақь аҿы.
▫ ️ 2010 шықәсазы далгеит Б. Шьынқәба ихьӡ зху Тҟәарчалтәи абжьаратәи ашкол №4.
▫ ️ 2010 шықәса инаркны 2015 шықәсанӡа Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә университет аҿы агронџьныртә факультет аҿы аҵара иҵон, «Афымцамчхара» азанааҭ ала.
▫ ️ Дшыстудентыз 2013 шықәсазы Ареспубликатә унитартә наплакы «Амшынеиқәафымцамч» (Тҟәарчалтәи РЕС) Тҟәарчалтәи афилиал аҿы афымцаеибыҭаҩыс аусура далагеит.
▫ ️ Ауниверситет аҿы иҵара қәҿиарала ихыркәшаны, 2015 шықәса инаркны 2016 шықәсанӡа Аԥсны арбџьар мчқәа рыҟны аррамаҵзура дахысуан. Ԥхьатәара иҟоу алеитенант ичын иманы имаҵура хиркәшеит.
▫ ️ 2017 шықәса раахыс Ареспубликатә унитартә наплакы «Амшынеиқәафымцамч» аҿы аоператив-диспетчертә маҵзураҿы, анџьныр-диспетчер имаҵураҿы аус иуан.
▫ ️ 2019 шықәса инаркны 2022 шықәсанӡа Ареспубликатә унитартә наплакы «Амшынеиқәафымцамч»Тҟәарчалтәи афилиал аҿы адиректор ихаҭыԥуаҩыс дыҟан.
▫ ️ 2022 шықәса инаркны иахьа уажәранӡа Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент адепутатс дыҟан. Аекономикатә политикеи, ареформақәеи, аинформациатә технологиақәеи, акультуреи, аҿар русқәеи, аспорти рзы апарламенттә еилакқәа дрылахәын.