АЖӘАБЖЬ ҾЫЦҚӘА

Ахәаша, 13 Жәабран 2026 20:09

Гәынба Бадра аԥсны-урыстәылатәи аҳәааҟны акциа еиҿызкааз аидарамҩангагатә машьынақәа рныҟәцаҩцәа дырԥылеит

А

Амашьынаныҟәцаҩцәа аҳәынҭқарра Ахада изеиҭарҳәеит ицәырҵыз ауадаҩрақәа амашьынақәа ахәаԥшра ианахысуа ирықәу атауар зегьы ақәхра ахьрықәшәо ишахҟьо.

Ахада изыхәҭоу аусбарҭақәа адҵа риҭеит аиҿкааратә усқәа рымҩақәҵаразы, хыԥхьаӡара рацәала амашьынарныҟәцаҩцәа ауадаҩрақәа рызцәырамҵуа аусзуцәа радԥхьаларала аусура аиҿкаара.

Убри аан, Гәынба Бадра инаҵшьны иазгәеиҭеит ирмариахо апроцедура аҳәынҭқарра аинтересқәа ԥырхага рынамҭартә ишеиҿкаатәхо. Аҳәынҭқарратә биуџьет ахашәалатә хәҭа ашьақәыргылараан аҳазалхратә шәахтәқәаирымоу аҵакы ӷәӷәа азгәаҭо, Ахада адҵа ҟаиҵеит Аԥсныҟа иҭало атауарқәа зегьы ашәҟәы аҭагаларазы.

Аҳәынҭқарра Ахада адәныҟаекономикатә усура иалахәу иҭабуп ҳәа реиҳәеит аекономика аҿиараҟны рлагалазы, аҳәынҭқарратә биуџьет ишиашоу анырра азҭо аҭакԥхықәра зцу рџьабаазы.

Аиԥылара ахыркәшамҭазы Ахада аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилакқәеи егьырҭ ирышьашәалоу аусбарҭақәеи рҿаԥхьа даҽазныкгьы адҵа ықәиргылеит зхҭабзиара ҳараку аусура аиҿкааразы, насгьы иаарласны имҩаԥыргарц, убри аан изыхәҭоу аҳәынҭқарратә хылаԥшра аҭаны.

Read 0 times
aps25