АЖӘАБЖЬ ҾЫЦҚӘА

Ахаша, 18 Жәабран 2026 17:02

Гәынба Бадра Лагәлаа Анатоли аҵыхәтәантәи имҩахь инаскьагара иазкыз ацеремониа адалахәын

   Аԥсны Ахада Гәынба Бадра аԥсуа поет, Д.И.Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа, Т. Аџьба ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа алауреат, ажурнал «Алашара» аредактор хада Лагәлаа Анатоли аҵыхәтәантәи имҩахь инаскьагара иазкыз ацеремониа адалахәын.     Алахьеиқәратә усмҩаԥгатә иалахәын Аиҳабыра алахәцәа, Апарламент адепутатцәа, аҵарауаа, аультура аусзуҩцәа, ауаажәларра рхаҭарнакцәа.    Аҳәынҭқарра Ахада гәалсра дула дрыдышшылеит Лагәлаа Анатоли иуацәеи иҭынхацәеи.   ▪️ Ахада иазгәеиҭеит Лагәлаа Анатоли Ианкәа-иԥа амилаҭтә культура аҿиареи аԥсуа жәлар рдоуҳатә ҭынха аиқәырхареи рыҟны илагаламҭа ду, иԥсҭазаара иалҵра атәылазы цәыӡ дуны ишыҟалаз.  
Read 6 times Last modified on Ахаша, 18 Жәабран 2026 17:04
aps25