АЖӘАБЖЬ ҾЫЦҚӘА

Ашәахьа, 23 Жәабран 2026 12:34

Гәынба Бадра Владимир Путин Аԥсадгьыл ахьчаҩ имш идиныҳәалеит

  «Ҳаҭыр зқәу Владимир Владимир-иԥа!

Гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит Аԥсадгьыл ахьчаҩ имш!

Ари еицакра зқәым Аԥсадгьыл абзиабара зныԥшуа аҭоурыхтә, адоуҳатә дац ҵаулақәа змоу    милаҭтә ныҳәа дууп. Аԥсадгьыл ахьчаҩцәа ргәымшәара, ирылоу ахачҳара, ахамеигӡара ашәышықәсақәа рыҩныҵҟа аҳәынҭқарра уасхыр ӷәӷәаны иазышьҭан, ажәлар ракзаареи рымчқәа хыҵхырҭас ирыман.

Иахьа, Урыстәылатәи Афедерациа Арбџьар мчқәа хьӡы-ԥшала аҭоурыхтә традициақәа реихаҳара  иаҿуп, Аԥсадгьыл аинтересқәа рыхьчараҟны иҳараку разыҟаҵара, рыгәаӷьра аарԥшуа, аҳәынҭқарра ашәарҭадара алыршо.

 Аԥсны Аҳәынҭқарра ахә ҳаракны иашьоит агәреибагареи аидгылареи шьаҭас измоу Урыстәылатәи Афедерациеи ҳареи иҳабжьоу аидгыларатә еизыҟазаашьақәа.Ҩ-ганктәи  аимадара арӷәӷәаразы, иара убас ганрацәала ҳусеицзура аарԥшраҟны шәара инашәыгӡо ароль даара аҵакы амоуп ҳтәылақәа рҭышәынтәалареи реизҳазыӷьареи рзы.

Ҳаҭыр зқәу Владимир Владимир-иԥа, абри аныҳәамш аҽны ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, агәамч, аҳәынҭқарратә маҵзураҟны еицакра змам амч-алша,аихьӡара ҿыцқәа. Урыстәыла Афедерациа ажәлар ирзеиӷьасшьоит аҭынчра, ахирра, аизҳазыӷьара».

 

Read 4 times
aps25