АЖӘАБЖЬ ҾЫЦҚӘА

Ахәаша, 03 Мшаҧы 2026 11:28

Гәынба Бадреи Сергеи Кириенкои Аҟәа аԥшаҳәа аиҭашьақәыргыларатә усурақәа рцашьа агәаҭаразы иаҭааит

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Гәынба Бадреи Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Иадминистрациа Ахада Актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенкои Аҟәа аиҭашьақәыргыларатә усқәа ахьымҩасуа Амҳаџьырқәа рыԥшаҳәа иаҭааит. Археологцәа иазгәарҭеит ахыбра иамоу аҭоурыхтә ҵакы, иара убас иԥшаау акультуратә ҭынха аелементқәа рыхьчара иамоу аҵак ду. Апроект анаҩс анагӡараан аус рыдулахоит, арҭ аҭыԥқәа аԥшаҳәа азеиԥш ҵакыра алаҵара, иара убас аԥсшьаҩцәа рзы ишәарҭам анысырҭа мҩа алзыршо азыӡбақәа.  
Read 26 times Last modified on Ахәаша, 03 Мшаҧы 2026 11:33
aps25