АЖӘАБЖЬ ҾЫЦҚӘА

Аԥшьаша, 09 Мшаҧы 2026 17:32

Гәынба Бадра ақалақь-фырхаҵа Тҟәарчал 84 шықәса ахыҵра иазкыз аныҳәатә усмҩаԥгатә далахәын

Ахада иқәгылараҟны иҳәоуп:

"Акыр иаԥсоу тҟәарчалаа! Гәык-ԥсыкала ишәыдысныҳәалоит Тҟәарчал ақалақь - фырхаҵа амш!


Тҟәарчал Аҧсны ҳаамҭазтәи аҭоурых аҿы аҭыԥ ҷыда ааннакылоит. Жәашықәсала иара Аԥсны аиндустриатә центр хадақәа ируакын, аҿиара бзиа змаз қалақьын.
Тҟәарчал аҭоурых аҿы иналукааша аҭыҧ ааныркылоит Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраантәи ахҭысқәа. Шәара аблокада хьанҭа шәхыжәгеит. Ахьҭакреи амлакреи шәыриааины аӡәк иеиҧш шәеидгылеит, ахҵәара зықәшәаз ҳауаажәлар шәыдышәкылеит.

Хашҭра рықәым Аԥсны ахақәиҭра зхы ақәызҵаз ҳфырхацәа-тҟәарчалаа!


Иахьа Тҟәарчал аиҭакрақәа мҩаԥысуеит: есааира ақалақь ахаҿра аиӷьхара иаҿуп, аинфраструктура ҿиоит, ҩаԥхьа асасцәеи атуристцәеи аднакылартә иҟалеит. Ари, раԥхьа иргыланы, абра инхо ақалақьуаа шәоуп изыбзоуроу.
Аҳәынҭқарра аринахысгьы иалшо зегь ҟанаҵалоит Тҟәарчал аҿиаразы, ауаа рыԥсҭазаашьа аиӷьтәразы.


Акыр иаԥсоу Тҟәарчал ақалақь-фырхаҵа ауааԥсыра! Гәык-ԥсыкала ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, аҭынчра, аизҳазыгьара!


Ҽааныбзиала шәнеилааит!"

Read 13 times Last modified on Аԥшьаша, 09 Мшаҧы 2026 17:37
aps25