АЖӘАБЖЬ ҾЫЦҚӘА

Ахәаша, 17 Мшаҧы 2026 10:24

Ахада Амедиатә шьапылампылтә лига ахада Николаи Осипови Амедиатә шьапылампылтә лига атехникатә директор Кәартаа Дмитрии идикылеит

 

▫️ Аиԥылара иалахәын аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аҿари аспорти русқәа рзы Аԥсны Аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Ҳагбеи Ҭарашь Аԥсны Ашьапылампыл афедерациа ахада Логәа Шабаҭ.

 

▫️ Ирылацәажәеит Амедиатә шьапылампылтә лига иааиуа асезон ҿыц аиҿкаара иадҳәалоу азҵаарақәа. Иара убас мшаԥымза 24 рзы Аҟәа имҩаԥысраны иҟоуп аартра инамаданы ахәмарра,   еиԥылараны иҟоуп акомандақәа «Аԥсны», «Амкал».

 

▫️ Гәынба Бадра иазгәеиҭеит Атәыла анапхгара Амедиатә шьапылампылтә лига ахәмаррақәа рымҩаԥгараҿы иахәҭоу ацхыраара шыҟанаҵо. Аҳәынҭқарра Ахада иажәақәа рыла, уи ареспубликаҿы аспорт аҿиареи атәыла аларҵәареи иацхраауеит.

 

▫️ Николаи Осипов иҭабуп ҳәа реиҳәеит иҟаиҵаз адгыларазы, иагьазгәеиҭеит Амедиатә шьапылампылтә лига Аԥсны иазԥхьагәаҭоу аусмҩаԥгатәқәа рымҩаԥгара ишазхиоу.

Read 3 times
aps25