Аԥыза-министр Делба Владимир аусутә программала аишәа гьежьқәа фба рыхҳәаа дахцәажәеит. Иалацәажәеит аҳәынҭқарратә дгылара змоу азҵаарақәа: азинҷыдатә кредит аҭара, аинфраструктура абиуџьеттә инвестициақәа, анаплакра аҿиара.
Атранспорттә усхк аҟны иахәаԥшит авиациатә, амшынтә, аихамҩатә мҩангарақәа рзы аҭагылазаашьақәа раԥҵара, иара убас Аԥсны иалсны атранзит аҿиара. Аграртә сектор аҿы хшыҩзышьҭра арҭеит ахатәы нхамҩақәа рыцхыраареи Урыстәыла Ақыҭанхамҩа Аминистрреи алархәны аекспорттә процедурақәа рырмариаразы алабораториақәа раԥҵареи.
Ахырхарҭа «Акреативтә индустриақәа» аҳәаақәа ирҭагӡаны амилаҭтә культура аӡыргаразы анапҟазацәа рцәыргақәҵа аԥҵара аус хацыркуп.
Аминистррақәа рнапхгаҩцәа дасу рхырхарҭақәа рыла ажәахәқәа ҟарҵеит.
Аекономика аминистр Амқәаб Ҭемраз афорум аихшьалақәа рекономикатә анализ рыдигалеит, иагьазгәеиҭеит ԥыжәара змоу аинвестициатә хырхарҭақәа.
Атуризм аминистр Логәуа Асҭамыр аусутә еилазаара ахәшьара аиҭеит, аусхк аҟны аинвестициатә ҳауа аиӷьтәразы ажәалагалақәа ҟаиҵеит.
Ақыҭанхамҩа аминистр Џьопуа Беслан Урыстәыла Ақыҭанхамҩа Аминистрра анапаҵаҟа иҟоу аиҿкаарақәа рнапы зҵарҩыз аиқәшаҳаҭрақәа ԥшьба рынагӡара ишалаго азы адырра ҟаиҵеит.
Иара инаҵшьны иазгәеиҭеит афорум аихшьалақәа Аԥсны аграртә усхк аҿиара акрызҵазкуа азҵаарақәа рыӡбаразы алшарақәа шаадыртуа.
Акультура аминистр Ақаҩба Даур афорум аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысыз аусмҩаԥгатәқәа реихшьалақәа ҟаиҵеит, иазгәеиҭеит афорум акреативтә економика аҿиаразы иамоу алшарақәа.
Аҳәынҭқарра ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Беслан Ешба инаҵшьны иазгәеиҭеит аусбарҭақәа русура шеиқәшәоу, аиқәшаҳаҭрақәа зегьы рынагӡаразы ҳәоуеиқәшәарала аусура аҵак ду шамоу.
Аҳәынҭқарра Ахада алахәцәа иҭабуп ҳәа реиҳәеит имҩаԥыргаз аусуразы, иагьазгәеиҭеит афорум ареспублика мҽхакы ҭбаала аусеицуразы ишазхиоу атәы шышьақәнарӷәӷәаз.
▫️ Арҭ ахықәкқәа рынагӡаразы Аҳәынҭқарра ахада аусура ахырхарҭа хадақәа ҩба алкааны, анапынҵа ҟаиҵеит ахыдҵақәа рынагӡара ахылаԥшра ӷәӷәа аҭаразы. Актәи афорум аҳәаақәа ирҭагӡаны изҵаҩу аиқәшаҳаҭрақәа зегьы рынагӡара иазкуп, документк ақьаад аҿы иаанымхарц азы. Аҩбатәи ахырхарҭа - аҭакзыԥхықәу аусбарҭақәа шьақәырӷәӷәаны, еилыкка иҟоу аҿҳәарақәеи аҳасабырба аформақәеи рышьақәыргыларала аинвестициатә проектқәа ишиашоу напхгара рыҭара.
▫️ Аиалатәара хыркәшо, Гәынба Бадра аусбарҭақәа рнапхгаҩцәа рахь ааԥхьара ҟаиҵеит иреиҳау аҭакԥхықәрала, хаҭала ралахәхареи рзы. Аҳәынҭқарра Ахада инаҵшьны иазгәеиҭеит ареспублика мҽхакы ҭбаала аҿиара амҩа ишаныло, иазалху атемп ҳаракы аларҟәра шыҟамло.
Гәынба Бадра иҳәеит Афорум ахыркәшарала аус аҟны аусура шхацыркхаз, уснагӡатәны иқәиргылеит хырхарҭацыԥхьаӡа иааиԥмырҟьаӡакәа аҳасабарыба амҩаԥгара алыршара.