«Ас еиԥш иҟоу апроектқәа рынагӡаразы азингьы ҳамам ус ҟалашьагьы амаӡам, урҭ аҵыхәтәаны алҵшәа шырмоу аадыруазар», — иҳәеит Ахада.
Аҳәынҭқарра Ахада иазгәеиҭеит апрограммақәа зус арҿиара иашьҭоу анхацәеи анаплакыҩцәеи ирыхәозароуп. Убри инамаданы анапынҵа ҟаиҵеит апроектқәа фактла рынагӡара апроектқәа рынагӡаразы арзаҳал алазҵаз уажә рнапы злаку апроектқәа иахьынӡарықәшәо агәаҭаразы.
«Аханатә ицәыргоу апроектқәа ирықәымшәо, мамзаргьы инагӡам аусмҩаԥгатәқәа аарԥшхар, азинтә нырратә уснагӡатәқәа мҩаԥгахоит, арҭ аусмҩаԥгатәқәа ирылахәугьы уахь иналаҵаны", — ҳәа адҵа ҟаиҵеит Ахада.
Аҳәынҭқарра Ахада аусбарҭабжьаратә комиссиа аусура алҵшәақәа 2026 шықәса абҵарамза 1 аҟынӡа ицәыргазарц рыдиҵеит.