АЖӘАБЖЬ ҾЫЦҚӘА

Аҩаша, 08 Цәыббра 2026 16:23

Бадра Гәынба Исҳаҟ Машбаш иԥсҭазаара иалҵра инамаданы адышшылара ҟаиҵеит

Аԥсны Ахада Бадра Гәынба Адыгьеиа Ахада Исҳаҟ Машбаш иԥсҭазаара иалҵра инамаданы Мураҭ Кумпилови адыга жәлар зегьи дрыдышшылеит.

 

▪️ Аԥсны Ахада Ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигәааи Аԥсны Ахада Иадминистрациа Анапхгаҩы Беслан Ешбеи Адыгьеиеи, Ҟабарда-Балкариеи, Ҟарачы-Черқьесиеи, Аԥсны Жәлари рышәҟәыҩҩы Исҳак Машбаш аҵыхәтәантәи имҩахь инаскьагара иазкыз ацеремониа иалахәын.

 

▪️ Алахьеиқәҵаратә усмҩаԥгатәқәа раан Аԥсны Ахада Ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигәаа Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба иҟаиҵаз адышшылара даԥхьеит.

 

▪️ Адышшылараҿы иаҳәоит:

 

▪ ️ "Ҳаҭыр зқәу Мураҭ Каральби-иԥа, акыр иаԥсоу ҳашьцәа-адыгаа!

 

▪️ Даара ихьааганы Аԥсны ирыдыркылеит Исҳаҟ Шумаф-иԥа Машбаш иԥсҭазаара иалҵра иазкыз ажәабжь.

 

      ▪️ Ицеит епоха дуӡӡак. Адыга дунеи иацәыӡит ашәҟәыҩҩы ду, апоет, ахәыцҩы, зыԥсҭазаара зыжәлар гәакьеи алитературеи рымаҵ аура иазызкыз ауаҩы. Аха иахьа Адыгеиеи адыга дунеи зегьи ирыцгәырҩоит Аԥсынгьы. Ҳажәлар рызгьы иара убас Исҳаҟ Машбаш иԥсҭазаара иалҵра харҭәаашьа змаӡам цәыӡ дууп.

 

▪️ Исҳаҟ Шумаф-иԥа адыга литература иналукааша хаҭарнакны, Адыгеиа Жәлар рышәҟәыҩҩы, Аԥсны Жәлар рышәҟәыҩҩы, Аԥсны Аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа академикны дыҟан. Ҳара ҳзы еиҳарак акыр иаԥсоуп ирҿиареи акыршықәсатәи иусуреи Аԥсны, уи аҭоурых, акультура, ажәлар иузырҟәымҭхо иахьрыдҳәалаз.

 

▪️ Исҳаҟ Машбаш алитературатә ажәала еиҭеиҳәон аҭоурых – ҳзеиԥш ҭоурыхгьы убрахь иналаҵаны, далацәажәон Кавказ ажәларқәа рлахьынҵа, рытрагедиақәа, рԥышәарақәа, доуҳала ирыбжьаз аиуара атәы. Адунеи абызшәақәа жәпакы рахь еиҭагоу иҩымҭақәа амилаҭтә литература аҳәаақәа хараӡа ирҭыҵны, Кавказ акультуратә ҭынха ду иахәҭакхеит.

 

▪️ Уи ирҿиаратә лахьынҵаҿы аҭыԥ ҷыда ааннакылон Аԥсны. Иҳәатәуп Аԥсны Жәлар рпоет Баграт Уасил-иԥа Шьынқәба иҭоурыхтә рҿиамҭа «Ацынҵәарах» Исҳаҟ Машбаш игәы шазҭанаҵаз ароман «Алу» аԥҵара. Абас ҩыџьа ашәҟәыҩҩцәа дуқәа рлитература ианыԥшит ҳажәларқәа рҭоурыхтә лахьынҵақәа рзеиԥшра.

 

▪️ Исҳак Машбаш ишьҭахьҟа иаанижьит даҽа акыршықәса аԥхьаҩцәа ргәаҿы аҭып аанзкылаша алитературатә ҭынха ду. Ишәҟәқәа иаҳхадыршҭраны иҟаӡам збаҩхатәрала зыжәлар рҭоурыхтә гәалашәареи, ркультуреи, рдоуҳатә беиарақәеи реиқәырхара иашьҭаз ауаҩы.

 

▪️ Исҳак Шьмаф-иԥа Машбаш  – ашәҟәыҩҩы ду, ауаҩ ҟәыӷа, Аԥсны аҩыза иаша игәалашәара лаша аҿаԥхьа ҳхырхәоит.

 

▪️ Исҳак Шьмаф-иԥа иуацәеи иҭынхацәеи, иҩызцәеи, иколлегацәеи, илитературатә уаажәларреи, ҳашьцәа Адыгеиа ажәлар зегьи гәалсра дула срыдышшылоит.

 

▪️  Шәхьааи шәгәырҩеи шәыцеиҩаҳшоит. Исҳак Машбаш игәалашәара лаша наунагӡа ҳгәаҿы иаанхоит».

Read 55 times