АЖӘАБЖЬ ҾЫЦҚӘА

Ахаша, 09 Цәыббра 2026 15:54

Бадра Гәынба иусуратә ныҟәара хыркәшахеит Ареспублика Башкорҭосҭан анапхгараҭаратә Центр аҭаарала

 

 

️ ️ Аԥсны Ахада изеиҭарҳәеит Ацентр аусуреи, уи аструктуреи, аусура ахырхарҭа хадақәеи ртәы, иддырбеит ареспубликаҿы иҟоу аҭагылазаашьа амониторинг азуреи, ицәырҵуа азҵаарақәа оперативла рызхьаԥшреи, аҳәынҭқарратә мчра аусбарҭақәеи амуниципалитетқәеи русура акоординациеи рзы рхы иадырхәо ҳаамҭазтәи ацифратә мыругақәа.

 

▫️ Ареспублика Башкорҭосҭан Анапхгараҭаратә Центр аусура иалагеит 2020 шықәса абҵарамзазы. Иахьа ари ареспублика Ахадеи Аиҳабыреи рыҟны иааиԥмырҟьаӡакәа аус зуа проекттә офисуп, уи аинформациа аизгареи анализ азуреи, ишьақәгыло аҭагылазаашьа амониторинг азуреи, ицәырҵуа апроблемақәа оперативла рықәҿыҭреи, иара убас еиуеиԥшым аусбарҭақәеи  русура аимадареи алнаршоит. Акрызҵазкуа ахырхарҭақәа ируакуп асоциалтә каҭақәеи амессенџьерқәеи рыла иааиуа ауааԥсыра иҟарҵо азыҳәара аус рыдулара.

 

▫️ Бадра Гәынба алшара иман Ацентр аусура аиҿкаара, аинформациа-аналитикатә системақәа рылшарақәа, аоперативтә напхгаратә ӡбамҭақәа рыдкылара амеханизмқәа аус шыруа аилкааразы.

 

️ ️ Аԥсны Ахада иазгәеиҭеит иибаз агәахәара шинаҭаз, инаҵшьны иаҵшьны иҳәеит идырбаз аԥышәа апрактикатә ҵакы шамоу.

 

▫ ️ «Рацәак ҵуам Аԥсынгьы аусура иалагеижьҭеи аҭагылазаашьатә центр. Убри аҟнытә еиҳарак зҿлымҳара аҳҭон, иаҳбарц ҳҭахын ари асистема Башкорҭосҭан ишеиҿкаау, ара уи шьҭа шықәсқәак ҵуеит апрактикатә ԥышәа ауижьҭеи. Ҳара иаабеит ас еиԥш амыруга хра аманы анапхгараҭареи, аоперативтә ҭакҟаҵареи, амчратә усбарҭақәа русеицуреи рзы еиҳа алшарақәа шунаҭо. Агәра ганы сыҟоуп ари аԥышәа ҳара ҳзы даара ишхәарҭахо, хымԥада уи анаҩстәи аусураҿы ҳхы ишаҳархәало. Ҳара ҳзы еиҳарак ихадоуп хаз игоу атехникатә ӡбамҭақәа рыдкылара мацара акәымкәа, урҭ рхархәара апрактикеи, аусура аиҿкаареи, ирырҭо алҵшәақәеи рыҭҵаара. Абри аганахьала Башкорҭосҭан аԥышәа ҳара ҳзы аинтерес ду аҵоуп», - ҳәа азгәеиҭеит Бадра Гәынба.

Read 54 times Last modified on Ахаша, 09 Цәыббра 2026 15:57