Аҳәынҭқарра Ахада иҳәеит азҵаарақәа ахьыӡбам, азҿлымҳара зҭаху ақыҭақәа рсиа шимоу, аԥыза-аминистр Владимир Делба адҵа ииҭеит ари азҵаара аус адуларазы, урҭ рҭагылазаашьа аиӷьтәразы иахәҭоу аҭагылазаашьақәа аԥҵаразы.
«Иахьа ақыҭақәа зегьы рымҽхакра ҳалшеит ҳҳәар – иашам. Макьана ақыҭақәа аус ахьрыдҳамулаз рматериали реиқәыԥхьаӡеи рзы азыҳәмҭа ҟасҵеит. Владимир Валери-иԥа, ари асиа шәысҭоит. Шәрыхәаԥш ақыҭаҿы аԥсҭазаара аиӷьтәразы ҳахьрыхәаша. Сшәыҳәоит уи ақәҿышәҭырц», - иҳәеит Ахада.
Бадра Гәынба инаҵшьны иазгәеиҭеит аусура ишацҵалатәу, иӡбамкәа иҟоу азҵаарақәа рыӡбара шаҭаху.