АЖӘАБЖЬ ҾЫЦҚӘА

Ашәахьа, 21 Цәыббра 2026 20:37

Ахада ареспублика ақалақьқәеи араионқәеи рхадацәа алархәны аилацәажәара мҩаԥигеит

 

Тема хадақәаны иқәгылан цәыббрамза 30 рзы Аԥсны Аиааиреи Ахьыԥшымреи рымш азгәаҭара аҽазыҟаҵара, иара убас ақалақьқәеи араионқәеи рыҟны ҳазҭагылоу аамҭазы имҩаԥысуа аусура, ауааԥсыра ргәы иҵхо азҵаарақәа рыӡбара.

 

Аилацәажәара алагамҭазы атәыла Ахада ақалақьқәеи араионқәеи рнапхгаҩцәа иҭабуп ҳәа реиҳәеит Аԥсны иахьаҵанакуа Урыстәылатәи Афедерациа Аҳәынҭқарратә Дума адепутатцәа ралхрақәа реиҿкаараҿы Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәарҭа ииарҭаз адгыларазы.

 

Аҳәынҭқарра Ахада иазгәеиҭеит иара инапынҵала ишаԥҵаз абжьыҭара амҩаԥгараҿы ацхырааразы аусуратә гәыԥ. Уи напхгара аиҭон Ахада Ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигәаа. Аилазаара иалан ареспублика ақалақьқәеи араионқәеи рхадацәа.

«Алхрақәа еиҿкааны имҩаԥысит. Иҭабуп ҳәа шәасҳәар сҭахуп имҩаԥыжәгаз аусуразы, иара убас алхырҭатә ҭыԥқәа рҿы аиҿкаареи ашәарҭадареи алзыршоз азинхьчаратә усбарҭақәа», — ҳәа иазгәеиҭеит Бадра Гәынба.

 

Аилацәажәара атема хадақәа ируакхеит цәыббрамза 30 — Аԥсны Аиааиреи Ахьыԥшымреи Рымш азгәаҭара аҽазыҟаҵара.

 

Аҳәынҭқарра Ахада инаҵшьны иазгәеиҭеит ари арыцхә Аԥсны жәлар рзы аҵак ҷыда шамоу, аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа еиҿкааны, ишахәҭоу еиԥш рымҩаԥгара шхымԥадатәиу, атәыла ахақәиҭреи ахьыԥшымреи зыхьчаз ргәалашәара ҷыдала ахшыҩзышьҭра аҭаны.

Ақалақьқәеи араионқәеи рхадацәа аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа разырхиара шымҩаԥысуазы адырра ҟарҵеит. Иазԥхьагәаҭоуп цәыббрамза 30 иазку агәалашәаратә акциақәа, аицныҟәарақәа, аконцертқәа уҳәа аусмҩаԥгатәқәа.

 

Аилацәажәараан иара убас иазааҭгылеит ареспублика ақалақьқәеи араионқәеи рыҟны  ҳазҭагылоу аамҭазы имҩаԥысуа аусура атәы.

 

Аҟәа администрациа ахада Ҭемыр Агрба иҳәеит цәыббрамза 30 рзы амҩаду аиҭашьақәыргылара ахәҭа хада Цәыббрамза 30 шхыркәшахо. Убри аан атехникатә мзызқәа ирыхҟьаны аныҳәатә рыцхә азы аусурақәа зегьы инагӡаны рхыркәшара залмыршахеит. Аиҭашьақәыргылара ахыркәшара алыршахоит хара имгакәа.

 



 Очамчыра араион администрациа ахада Алхас Кациа иҳәеит Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра анцоз ашықәсқәа рзы амацәаз иҭакыз Тҟәарчали Аԥсны Мрагыларатәи ақыҭақәеи еимаздоз, "аԥсҭазаара амҩа" ҳәа хьӡыс изауз, "Ԥаҭраз" амҩаду аҟны арҽеиратә усурақәа шцо. Иазгәеиҭеит араион ауааԥсыра даара гәахәара дула ишрыдыркылаз, иҭабуп ҳәа шахырҳәаауа Ахада идикылаз аӡбамҭа аҭоурыхтә ҵакы змоу амҩаду аиҭашьақәыргыларазы.

 

 Бадра Гәынба инаҵшьны иазгәеиҭеит амҩақәа реиҭашьақәыргылареи рырҽеирақәеи ҳазҭоу ашықәс азы атәыла анапхгара русура ахырхарҭа хадақәа ишреиуоу.

Ахада иҳәеит Очамчыра араион иаҵанакуа Ҷлоуи Џьгьардеи ақыҭақәа рыҟны амҩақәа шеиҭашьақәыргылоу. "Ԥаҭраз" амҩа аиҭашьақәыргыларатә усурақәа анхыркәшахалак анаҩс, Ӷәада ақыҭаҟны амҩаа аиҭашьақәыргылара нап аркхоит.

 

Иара убас, Калдахәаратәи аинтернат ахь уназго амҩа аиҭашьақәыргылара иаҿуп.  Иазԥхьагәаҭоуп Афон ҿыц ҩ-мҩак рырҽеира, Тҟәарчал, Гәылрыԥшь, Гагра, Гал  амҩатә инфраструктура аиҭашьқәыргылара.

 

Ахада иазгәеиҭеит ақыҭақәа рыҟны амҩақәа реиҭашьақәыргылара аҵак ду шамоу ақыҭа адгылара аҭаразы,  амҩатә еимадара алыршара,
ақыҭауаа рыбзазара аиӷьтәра.
  

Гәдоуҭа араион администрациа  ахада Асҭамыр Аргәын иҳәеит, аԥсабаратә рыцҳара иахҟьаны Дәрыԥш ақыҭан аԥхасҭа зауыз аӡымҩангагатә цәаҳәақәа реиҭашьақәыргылара шцо, быжь-қыҭаки араион ацентр абжеи ӡыла еиқәзыршәо.

Уи иажәақәа рыла, ҳазҭагылоу аамҭазы ӡыла еиқәдыршәоит аамҭалатәи асхема ала, убри инаҷыданы ахыбра аиҭашьақәыргыларазы аусрақәа цоит.  Араион ахада иҳәеит аусурақәа шхыркәшахо ишьақәырӷәӷәоу аҿҳәара инақәыршәаны.

Read 50 times Last modified on Ашәахьа, 21 Цәыббра 2026 20:55