АЖӘАБЖЬ ҾЫЦҚӘА

Амҽыша, 27 Цәыббра 2026 12:47

Бадра Гәынба иԥшәмаԥҳәыс Ирма Ҳашыгԥҳаи иареи «Иԥшыз Ақалақь» захьӡу ақәыргыламҭа иаҭааит

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба иԥшәмаԥҳәыс Ирма Ҳашыгԥҳаи иареи «Иԥшыз Ақалақь» захьӡу ақәыргыламҭа иаҭааит.

Аҟәа ахақәиҭтәра амш иазку атеатралтә қәыргыламҭа мҩаԥысуеит Ражьден Гәымба ихьӡ зху Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониаҿы. 

Аусмҩаԥгатә иалахәуп аветеранцәа, Аԥсадгьыл ахьчаҩцәа ранацәа, хатәгәаԥхарала еибашьуаз, Ахада Ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигәаа, аԥыза-министр Владимир Делба, Апарламент Ахантәаҩы Ашәба Лаша, Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәаҩ Виачеслав Гладков, Аиҳабыра алахәцәа, Апарламент адепутатцәа.

Ақәыргыламҭа иалахәуп Аԥснытәи аҳәынҭқарратә аҿартә театр, Фазиль Искандер ихьӡ зху аҳәынҭқарратә аурыс драматә театр актиорцәеи аԥсуа естрада артистцәеи. 

Аусмҩаԥгатә Аҟәа ақалақь ахадара еиҿнакааит.

Read 44 times