АЖӘАБЖЬ ҾЫЦҚӘА

Ахаша, 30 Цәыббра 2026 14:45

Бадра Гәынба Алада Ешыра ақыҭаҟны Владислав Арӡынба Имемориал амҵан ашәҭшьыҵәрақәа шьҭаиҵеит

Аиааиреи Ахьыԥшымреи рымш аҽны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынбеи Ахада Ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигәааи ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит Алада Ешыра ақыҭаҟны Аԥсны Аҳәынҭқарра Актәи Ахада Владислав Арӡынба Имемориал амҵан.

Аиааира 33 шықәса ахыҵра иазкыз апарад аҿы иҟаиҵаз ааԥхьараҿы Бадра Гәынба инаҵшьны иазгәеиҭеит Аԥсны жәлар рықәԥара напхгара шаиҭоз амилаҭтә ԥхьагыла, Аԥсны Аҳәынҭқарра Актәи Ахада Владислав Григори-иԥа Арӡынба, уи ишдгылаз — Аԥсны Арбџьар мчқәа рнапхгаҩцәа, аибашьратә операциақәа напхгара рызҭоз, зыхьӡ наунагӡа Ҳиааира аҭоурых ианылаз ар рԥызацәа хьӡырҳәагақәеи адҵаҟаҵаҩцәеи.

Read 45 times