АЖӘАБЖЬ ҾЫЦҚӘА

Аԥшьаша, 01 Жьҭаара 2026 14:54

Бадра Гәынба ацәыргақәҵа «Фазиль Искандер: ауаҩи уи икәша-мыкәшеи» даҭааит Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба ацәыргақәҵа «Фазиль Искандер: ауаҩи уи икәша-мыкәшеи» даҭааит

Ацәыргақәҵа мҩаԥысуеит ацентр «Ҳара ҳаидгылоуп» аҿы. В.И. Дал ихьӡ зху Урыстәылатәи алитература аҭоурых аҳәынҭқарратә музеи иазнархиаз аекспозициа шьақәгылоуп ашәҟәыҩҩы иҭаацәа амузеи ахь иарҭаз аматериалқәа рыла.

Аҳәынҭқарра Ахада дицны аекспозициа ахәаԥшразы ацентр даҭааит Ареспублика Башкорҭосҭан Аҳәынҭқарратә Еизара — Курултаи Ахантәаҩы Андреи Назаров.

Аҳәынҭқарра Ахада инаҵшьны иазгәеиҭеит ацәыргақәҵа аинтерес ду шаҵоу, избанзар уи ашәҟәыҩҩы ду Фазиль Абдул-иԥа Искандер изкуп.

Ахада иажәақәа рыла, аекспозициа ианыԥшуеит Аԥсны ииз, изызҳаз ашәҟәыҩҩы ирҿиаратә мҩа, иара убас аԥсуа жәлар ркультуреи, рытрадициақәеи, рҷыдарақәеи.

Бадра Гәынба иазгәеиҭеит иаарту ацәыргақәҵа ашәҟәыҩҩы ирҿиаратә мҩеи иԥсҭазаареи даҽазныкгьы рызхәыцразы ҭагылазаашьа бзианы ишыҟоу, иагьациҵеит ари аҩыза аекспозициа аҭааҩцәа зегьы гәык-ԥсыкала азҿлымҳара шрызцәырнаго.

Аекспозициа иалалеит 200 рҟынӡа сахьа: Фазиль Абдул-иԥа ифотопортретқәа 30, аҭаацәа рфотосахьақәа, анапылаҩырақәа, автографқәа зну ашәҟәқәа, аиллиустрациақәа, ацәыргақәҵатә планшетқәа 45. Уи иаҵанакуеит автор ирҿиаратә мҩа - заатәи акьыԥхьымҭақәа инадыркны аҩымҭақәа «Чегьемтәи Сандро», «Ажьақәеи ахәрымаҭқәеи», «Чик ихәыҷра» рҟынӡа.

Иара убас ицәыргоуп асахьаҭыхыҩ Евгениа Ионова лавтортә инсталлиациа «Аԥсуа сасдкылара Атрадициақәа. Агәырӷьаратә еишәачара», ашәҟәыҩҩы ирҿиараҟнытә акрызҵазкуа атема хадақәа аазырԥшуа: абиԥарақәа реимадара, ауаҩытәыҩсатә еицәажәара иамоу аҵакы, атрадициақәа ҳаҭыр рықәҵара.

Read 35 times