АЖӘАБЖЬ ҾЫЦҚӘА

Ахәаша, 02 Жьҭаара 2026 10:15

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәымба Аусԥҟа инапы аҵаиҩит "2026 ш. жьҭаарамза-ԥхынҷкәынмза рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра атәылауаа аррамаҵзурахь рыԥхьареи аррамаҵзуратә ҧхықәра назыгӡаз рхы рақәиҭтәреи рзы"

Аусԥҟа инақәыршәаны 2026 ш. жьҭаарамза 1 инаркны 31-нӡа аррамаҵзурахьы инарыԥхьоит 18 ш. зхыҵуа инадыркны 27 ш. зхыҵуа рҟынӡа, иара убас аррамаҵзура аҟынтә рхы иақәиҭыртәуеит арратә ҧхықәра анагӡараҟнызыҿҳәара хыркәшоу. Аԥсны Аминистрцәа Реилазаара, араионқәа русбарҭақәа, Аҟәа ақалақь ирыдҵоуп иахәҭоу ауснагӡатәқәа зегьы рымҩаԥгара Аҧсны Аҳәынҭқарра аррамаҵзура иахысраны иҟоу аҿар рыԥхьаразы.

 

Read 30 times