АЖӘАБЖЬ ҾЫЦҚӘА

Асабша, 10 Жьҭаара 2026 20:04

Бадра Гәынба Аԥсны Ахада Ихраҿа ианеишьеит 2400 метра рҟынӡа абжьаӡараҟны аиааира згаз

Аԥхьахә игеит Иури Ҳагәышь иҽы зырхәмаруаз аҽыбӷаҟаза Иури Кулинич иҽы.

Аҳәынҭқарра ахада аицлабрақәа ирылахәызи аиааира згази дрыдныҳәалеит, аҽыбӷаҟазаратә спорт аиқәырхареи аҿиареи аҵак ду шрымоу инаҵшьны иазгәеиҭеит. 

Атәыла ахада иазгәеиҭеит иахьатәи аныҳәа аспорттә хҭыс адагьы ажәлар рҭоурыхи, аԥсуа милаҭтә ҷыдареи, рытрадициақәеи, рдунеихәаԥшышьеи шаныԥшуа. Бадра Гәынба иҭабуп ҳәа реиҳәеит аҽыбӷаҟазаратә спорт еиқәырханы иаазго, ари аус амаҵ азызуа, амилаҭтә ҭынха мырӡкәа аԥхьаҟатәи абиԥарақәа ирызназго зегьы.

Read 25 times