Убри инамаданы ҳаамҭазтәи амедиақәа рыҿиареи зхаҭабзиара ҳараку аконтент аԥҵара зылшо аспециалистцәа ҿарацәа разыҟаҵареи атәылазы аҵак ду рымоуп.
Бадра Гәынба иазгәеиҭеит аԥсуа журналистика ажәлар рлахьынҵеи рмилаҭ-хақәиҭратә қәԥареи ӷәӷәала ирыдҳәалоу атрадициа хьӡырҳәагақәа шьаҭас ишрымоу. Иахьа ажурналистцәа ҿарацәа арҭ атрадициақәа ирыцырҵоит ауаажәларра рҿаԥхьа ҭакԥхықәрала ари аус азнеирала. Убри инаваргыланы атехнологиа ҿыцқәеи, асоциалтә каҭақәеи, аблогосфереи рцәырҵра иааиԥмырҟьаӡакәа разыҟаҵареи ҳаамҭазтәи амыругақәа анапахьы аагареи аҭахуп.
Хазы иазгәаҭан Аԥсни Урыстәылеи рҟынтә рколлегацәеи дареи профессионалла реимдаразы алшара аазыртуа апроект «Аԥсны амедиа ҿыцқәа» ианнакыло аҭыԥ. Актәи асезон алҵшәақәа дрылацәажәо, аҳәынҭқарра Ахада иазгәеиҭеит атәыла акультуреи, аҭҵаарадырреи, атуризми рзы иаԥҵоу апроектқәа уи аинформациатә ҵакыраҿы иубартә рлагала шыҟарҵахьоу, иҳәеит аҩбатәи ахәҭаҟны аԥшьгара ҿыцқәа қәҿиарала ихацыркхоит ҳәа игәы ишаанаго.
Аҳәынҭқарра Ахада иҭабуп ҳәа иеиҳәеит апроект анагӡараҿы Урыстәыла Ахада Иадминистрациа Анапхгаҩы Актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенко, иара убас Ахада иплатформа «Урыстәыла — алшарақәа ртәыла», АИА «Диалог», «Амедиа ҿыцқәа рҟазарҭа» ириҭаз ацхырааразы.
Ахыркәшамҭаз Бадра Гәынба аҩбатәи ахәҭа иалахәу ирзеиӷьеишьеит аихьӡарақәа, хра злоу аидеиақәа, ақәҿиараа ҿыцқәа аԥсуа медиақәа рыҿиаразы.