АЖӘАБЖЬ ҾЫЦҚӘА

Ашәахьа, 19 Жьҭаара 2026 19:34

Бадра Гәынба агәаҭара-аужьратә ҭыԥқәа русура аихшьалақәа дрыхцәажәеит

   

 

Аԥсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи рыбжьара Ԥсоу аӡиаси Қырҭтәылеи Егры аӡиас рыҟны аҳәынҭқарратә ҳәааҿы агәаҭара-аужьратә ҭыԥқәа ҳазҭоу ашықәс жәымз рыҩныҵҟа русура аихшьалақәа ирылацәажәеит Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынбеи Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура ахантәаҩы Дмитри Дбари Аҳәаахьчаратә усбарҭа аиҳабы Рустам Латипови реиԥылараан.

 

 

Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура ахантәаҩы Дмитри Дбар урыстәылатәи аҳәаахьчаратә маҵзурақәа аус рыцура шымҩаԥысуазы адырра ҟаиҵеит, иарбоу ахырхарҭала инхарҭәааны аусеицура шышьақәыргылоу азгәаҭаны.

 

 

Иара убас адырра ҟаиҵеит Егры аӡиас ала аҳәынҭқарратә ҳәааҿы иҟоу аҭагылазаашьазы.   Иарбоу аҭыԥ аҿы аҳәынҭқарратә ҳәаа еилазго аарԥшхоит, иаанкылахоит. Иаанкылоу Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура араионтә ҟәшахьы инаргоит, уа азакәанԥҵара ишьақәнаргылаз аԥҟарала урҭ аҭакԥхықәра рыдҵара азҵаара ӡбахоит.



 СГБ Аҳәаахьчаратә усбарҭа аиҳабы Рустам Латипов 2026 шықәсала жәымз рыҩнуҵҟа агәаҭара-аужьратә ҭыԥқәа русура аихшьалақәа ртәы иҳәеит, апассаџьырцәа рныҟәареи, атранспорттә хархәагақәа реиҭаҵреи, аҳәынҭқарратә ҳәаа ахырхарҭа хадақәа рҿы аусура аиҿкаареи рзы аинформациа адгаланы.

 

 

Аԥсны-урыстәылатәи аҳәынҭқарратә ҳәааҿы агәаҭара-аужьратә ҭыԥ «Ԥсоу» аҳасабырбатә аамҭахәҭа иалагӡаны иахысит 8,5 млн рҟынӡа ауааԥсыреи 1,8 млн атранспорттә хархәагақәеи.



 Иара убас ирзааҭгылан аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа ржәыларақәа ршәарҭара инадҳәаланы уи аусура аамҭала аанкылара аамҭақәа раан аужьратә ҭыԥ аусура аиҿкаара азҵаарақәа. Иазгәаҭан аужьра аиҭахацыркра иазыԥшу атәылауаа ршәарҭадара аиҿкаара, иара убас ицәырҵуа азҵаарақәа оперативла рыӡбаразы урыстәылатәи аҳәаахьчаратәи аҳазалхратәи маҵзурақәа аус рыцура шхымԥадатәиу.

 

 

Аԥсни Қырҭтәылеи рҳәынҭқарратә ҳәааҿы ҳазҭоу ашықәс жәымз рыҩныҵҟа аужьратә ҭыԥқәа «Егри» «Папанырхәа» рхырхарҭақәагьы уахь иналаҵаны, иазгәаҭоуп 965 423-ҩык атәылауааи 52 780 транспорттә хархәагеи аҳәаа рахысра.

 

 

Ажәахәқәа рзыӡырҩра анаҩс аҳәынҭқарра Ахада имҩаԥгаз аусура амҽхак шдуу, аҳәынҭқарратә ҳәаа ахысразы аҭагылазаашьақәа анаҩстәи реиӷьтәра шхымԥадатәиу инаҵшьны иазгәеиҭеит.
 

 "Ҳара аҳәынҭқарратә ҳәаа ахысразы иманшәалоу аҭагылазаашьақәа аԥаҳҵароуп. Ааигәанӡа хыԥхьаӡара рацәала ауаа злаиасуаз хырхарҭа хаданы иҟан аужьратә ҭыԥ «Ԥсоу». Иахьа Владислав Арӡынба ихьӡ зху Аҟәатәи аҳаирбаӷәаза ала аҳаиртә еимадара аартра иабзоураны аҳаиртә мҩала Аԥсныҟа ааразы алшара ыҟоуп. Иҿиоит иара убас амшынтәии аихамҩатәии еимадарақәа.

 

Урыстәылатәи Афедерациа иахьаҵанакуа атранспорттә инфраструктура аиҭашьақәыргылара Аԥсныҟа еиԥш шьҭахьҟа апассаџьырцәа рцаразы реиҭаҵра акыр аизырҳаразы аҭагылазаашьақәа аԥнаҵоит. Уи ҳазхиазароуп. Иазхәыцтәуп ҳҳәаахьчаратә пункт арҭбаара алыршара, аԥсуа ган ала аужьратә лшаразы аԥкрақәа ҟамларц азы. Аҳәара ҟасҵоит иахәҭоу ажәалагалақәа азырхианы ахәаԥшразы иалажәгаларц", - иҳәеит Бадра Гәынба.

 

Read 4 times Last modified on Ашәахьа, 19 Жьҭаара 2026 19:51