АЖӘАБЖЬ ҾЫЦҚӘА
Аҩаша, 24 Абҵара 2026 17:11
Ахада Жәларбжьаратәи аҳаиртә баӷәаза Аҟәа имҩаԥысуаз Аԥсны Аҳәынҭқарра агәабзиарахьчара аминистрра асистема иаҵанакуа аусбарҭақәеи аусҳәарҭақәеи мҽхакыҭбаалатәи ртактика-ҷыдалатә зыҟаҵарақәа дрылахәын
Аԥсны Ахада Бадра Гәынба Жәларбжьаратәи аҳаиртә баӷәаза Аҟәа имҩаԥысуаз Аԥсны Аҳәынҭқарра агәабзиарахьчара аминистрра асистема иаҵанакуа аусбарҭақәеи аусҳәарҭақәеи мҽхакыҭбаалатәи ртактика-ҷыдалатә зыҟаҵарақәа дрылахәын.
Аҳәынҭқарра Ахада иазгеиҭеит атәылаҟны аусура ишаҿу аинфраструктуратә проект дуқәа, урҭ ируакуп Владислав Арӡынба ихьӡ зху Жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәаза Аҟәа. Ахада инаҵшьны иҳәеит ас еиԥш иҟоу апроектқәа рынагӡара ашәарҭадара азҵаарақәа ҷыдала азҿлымҳара шрыҭатәк.
Ахада иҳәеит аусмҩаԥгатә шымҩаԥысуа Аԥсны агәабзиарахьчара аминистрреи Урыстәылеи русеицурала, уи даҽазныкгьы ишьақәнарӷәӷәоит, ашәарҭадара азҵаара шаҟа зҿлымҳарыла иазнеиуа, иарбанзаалак ауаатәыҩса рыԥсҭазаара аиқәырхаразы изаамҭанытәим аҭагылазаашьақәа ишрызхиоу.
Бадра Гәынба иазгәеиҭеит еиуеиԥшым аусбарҭақәеи аминистррақәеи рыбжьара ҳәоуеиқәшәарала русеицура иамоу аҵакы. Аҳәынҭқарра Ахада иҳәеит, ҳәоуеиқәшәарала аусеицура аҳәынҭқарратә мчхара аусбарҭақәа зегьы русура алҵшәа аманы ишыҟанаҵо.
Ахада аусмҩаԥгатә алахәцәа рҿаԥхьа иқәгылоу ахықәкы анагӡараҟны аихьӡарақәа рзеиӷьеишьеит, иҳәеит ас еиԥш иҟоу ахҭысқәа азыҟаҵаратә ҟазшьа аманы инхап ҳәа дышгәыӷуа.. Аҳәынҭқарра Ахада ииазгәеиҭеит иҭышәынтәалоу аусура аҳәынҭқарратә мчрақәеи аусбарҭақәа реимадареи рыҩаӡара акыр анырра шанаҭо.
"Мчымхарыла аҳаирплан антәо аамҭазы ахәышәтәра-евакуациатә усмҩаԥгатәқәа реиҿкаара" темас измаз азыҟаҵарақәа хықәкы хаданы ирыман апрактикаҿы Аԥсни Урыстәылеи рмедицинатә усбарҭақәа иаалырҟьаны рыцхыраара аҳәаақәҵара.
Икьыԥхьуп
Новости