Акыршықәсатәи иусуразы Ҳаразиа Вадим иҭабуп ҳәа иаҳәо, аҳәынҭқарра Ахада иазгәеиҭеит ҳҳәынҭқарреи ҳажәлари рҿаҧхьа иқәгылоу азҵаара хадақәа ишыруаку арепатриациа аус. "Ҳажәҩахыр еибыҭаны, ҳахшыҩ еилаҵаны, бзиа ибаны ҳазнеироуп", - иҳәеит Гәынба Бадра.
Аҧсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы ҧасатәи анапхгаҩы Вадим Николаи-иҧа аколлектив иҭабуп ҳәа реиҳәеит русеицуразы, ахантәаҩ ҿыц аихьӡарақәа изеиӷьеишьеит.
Ахаша, 21 Лаҵара 2025 09:39
БОЏЬГӘУА БАГРАТ АҦСАДГЬЫЛ АХЬ АХЫНҲӘРАЗЫ АҲӘЫНҬҚАРРАТӘ ЕИЛАКЫ АХАНТӘАҨЫС ДАҬОУП
Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Гәынба Бадра аколлектив дыдирдырит Аҧсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩ ҿыц Боџьгәуа Баграт.
Икьыԥхьуп
Новости