Аганқәа хра злоу азҵаарақәа жәпакы ирылацәажәараны иҟоуп, Урыстәыла финансла иҟанаҵо ацхыраарала имҩаԥысуа азеиԥш проектқәа рынагӡарагьы надкыланы.
Апрограммаҟны иҟоуп — аусуратә еилацәажәарақәа, анаплакқәа рҭаара, иара убас акультуратә, атуристтә инфраструктура аобиектқәагьы.
Мызкы аҩныҵҟала ҩынтәуп Сергеи Кириенко Аԥсны даҭаауеижьҭеи. Ԥхынгәымза 10-11 рзы имҩаԥысыз аусуратә ныҟәараан ирылацәажәан асоциал-економикатә усеицуреи афымцамчи рызҵаарақәа.