АЖӘАБЖЬ ҾЫЦҚӘА

Ахаша, 06 Нанҳәа 2025 16:30

Гәынба Бадреи Сергеи Кириенкои Амҳаџьырқәа рыԥшаҳәа иаҭааит

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Гәынба Бадра Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Иадминистрациа Анапхгаҩы Актәи Ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенкои Аҟәа Амҳаџьырқәа рыԥшаҳәа иаҭааит. Аганқәа Аҟәа аԥшаҳәа аиҭашьақәыргылара иазку аиқәшаҳаҭрақәа рынагӡашьа шымҩаԥысуа гәарҭеит. Иалацәажәоуп арҿыцрақәа рзы иарбоу аамҭеихшанҵа –   зҽеиҭазкуа арлашагақәа рышьақәыргылара, амуралқәа раԥҵареи аиахт-клуб «Амра» ашьақәыргылареи. Ҷыдала хшыҩзышьҭра аҭоуп анаӡааӡара аестетика, уи атуристтә лшарамч.

 

Read 9 times Last modified on Аԥшьаша, 07 Нанҳәа 2025 19:05
aps25