АЖӘАБЖЬ ҾЫЦҚӘА

Ахәаша, 15 Нанҳәа 2025 11:19

Бадра Гәынба Гәдоуҭа хатәгәаԥхаралатәи аибашьцәа рбаҟа амҵан ашәҭшьыҵәрақәа шьҭаиҵеит

 

▪️ Нанҳәамза 15 рзы Аԥсны Хатәгәаԥхаралатәи аибашьҩы имш азгәарҭоит. Гәдоуҭа хатәгәаԥхаралатәи аибашьцәа рбаҟа амҵан ашәҭшьҭаҵара иазку аусмҩаԥгатә мҩаԥысит. 

 

▪️ Аԥсныҟа иааз хатәгәаԥхаралатәи аибашьҩцәа жәпаҩык ашәҭшьҭаҵара иазку аусмҩаԥгатә рҽаладырхәит.

 

▪️ Иара убас аусмҩаԥгатә иалахәын Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бигәаа Беслан, Аԥыза-министр Делба Владимир, Ахада Иадминистрациа Анапхгаҩы Ешба Беслан, аиҳабыра алахәцәа, Апарламент адепутатцәа, иҭахаз аибашьцәа ранацәа, аибашьра аетеранцәа, ауаажәларра рхаҭарнакцәа.   

Read 3 times Last modified on Ахәаша, 15 Нанҳәа 2025 12:01
aps25