АЖӘАБЖЬ ҾЫЦҚӘА

Ахәаша, 15 Нанҳәа 2025 14:43

Ахада Дбар Сергеи ихьӡ зху Гәдоуҭатәи Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра амузеи даҭааит

А

 

▫️ Аԥсны Ахада Гәынба Бадра, Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бигәаа Беслан, аветеранцәа-хатәгәаԥхаралатәи аибашьцәа ацәыргақәҵаҟны аибашьратә карикатурақәеи ашаржқәеи рыла ишьақәгылаз аҭыӡқәа ирыхәаԥшит. 

 

▫️ Арҭ аусумҭақәа аибашьра ашықәсқәа раан идеологиатә абџьарҵас иҟан. Урҭ Аԥсны актәи Ахада Владислав Арӡынба иаԥиҵаз апропагандеи агитациеи рыҟәшаҟны аԥсуа сахьаҭыхҩцәа иаԥырҵон.  

 

▫️ Гәдоуҭатәи амузеи аҟны зынӡа иҵәахуп 60 инареиҳаны карикатуреи шаржи.

 

▫️ Ахада иазгәеиҭеит ас еиԥш ацәыргақәҵақәа аибашьратә хҭысқәеи Аԥсны жәлар иаадырԥшыз афырхаҵареи ныҟәыргоит аҟнытә урҭ рхамыршҭра ишацхраауа, иаҵшьны иҳәеит аԥхьаҟатәи абиԥарақәа рзы аҵак ду шрымоу.  

Read 3 times
aps25