АЖӘАБЖЬ ҾЫЦҚӘА

Асабша, 06 Цәыббра 2025 18:50

Аҟәа, Ахақәиҭра ашҭаҿы иҟоу Аминистрцәа Рсовет ахыбра аиҭарҿыцра иазку апроект азы аицлабра рылаҳәахоит

Убри аан Аҳәынҭқарра Ахада адҵа ҟаиҵеит атәыла аҭоурых-культуратә ҭынха абаҟақәа рсиа иаҵанакуа наҟ-ааҟ иҟоу ахыбра аганқәа реиқәырхаразы.  

«30 шықәса раахыс ари ахыбра аиҭашьақәыргылара алыршаӡам, аҳҭнықалақь ахаҿра ԥхасҭанатәуеит», — иҳәеит Ахада.

Гәынба Бадра иажәақәа рыла, ихадоу ашҭаҟны игылоу ари ахыбра аиҭашьақәыргылара мамзаргьы иҿыцу аобиект аргылара аҳҭнықалақь мацара акәымкәа, атәыла зегьы аиҭеира иасимволны иҟалароуп. 

 
Read 20 times Last modified on Амҽыша, 07 Цәыббра 2025 18:12
aps25