Аусуратә ныҟәара хацыркын Бзыԥ аҳабла абжьаратәи ашкол №1 аҭаарала, ара аспорттә зал ҿыц аартра мҩаԥысит. Ԥасатәи аспортзал аҭыԥан Гагра араион Администрациа ахарџь ала иргылан азал аҿыц. Иахьа ари ашкол аҿы аҵара рҵоит 518-ҩык аҵаҩцәа.
Аусмҩаԥгатә иалахәын аҵара аминистр Гәынба Хана, Администрациа ахада Хагәышь Иури, Апарламент адепутатцәа Барцыц Алхас, Беиа Ҭемыр.
Ахада иқәгылараҟны иаҵшьны иазгәеиҭеит абиԥара ҿыцқәа рааӡаразы аспорти абаҩрҵәыреи рырҿиара иамоу аҵакы.
Гәынба Бадра аԥхьаҟа ипатриотхараны иҟоу абиԥарақәа рааӡара иаҿу арҵаҩцәа иҭабуп ҳәа реиҳәеит, иара убас аспорттә обиектқәа реиҭашьақәыргылареи рыргылареи рҿы араион Администрациа алшамҭақәа азгәеиҭеит.
Аҵара аминистр Гәынба Хана илҳәеит аҵаҩцәа ганрацәала рыҿиаразы аспортзал ҿыц аартра акрызҵазкуа шьаҿаны ишыҟоу.
Анаҩс Ахада даҭааит ашкол ахыбраҟны иҟоу Бзыԥ ақыҭа иалҵыз иҭахаз Аԥсадгьыл ахьчаҩцәа ирызку амузеии аетнографиатә музеии.
Аҳәынҭқарра Ахада иара убас актәи акласс аҵаҩцәа рурок ахьцоз дыҩнаԥшит, аҵаҩцәа дрыҿцәажәеит.