АЖӘАБЖЬ ҾЫЦҚӘА

Ахаша, 10 Цәыббра 2025 01:50

Бадра Гәынба ақәаршҩы ахҟьа-ԥҟьақәа раԥыхразы адҵа ҟаиҵеит

Ҷыдала, Аҟәа араион аҟны ақыҭамҩақәеи ацҳақәеи жәпакы акыр аԥхасҭақәа роуит.
 
Ахада Шьаҭанкылатәи аргылара аусбарҭа анапы ианиҵеит уаҵәы инаркны иаҭаху агәаҭаратә усмҩаԥгатәқәа мҩаԥганы, ақәаршҩы ахҟьа-ԥҟьақәа раԥыхра нап аркра.
 
Аԥхасҭа аԥыхразы иара убас изыхәҭоу адҵақәа рыҭоуп Аҟәа ақалақь  Администрациеи Аҷыдалкаатә ҭагылазаашьақәа рзы аминистрреи.

Гәынба Бадра иҳәеит аԥхасҭа зауыз ауааԥсыра зегьы ацхыраара шрыҭахо атәы, рынхарҭақәа иоуыз аԥхасҭа ацынхәра шрыҭахо, ишеиҭашьақәыргылахо.

 

 
Read 23 times
aps25