АЖӘАБЖЬ ҾЫЦҚӘА

Ашәахьа, 22 Цәыббра 2025 21:42

Ахада Аиааиреи Ахьыҧшымреи Рымши Аҟәа ақалақь ахақәиҭтәра Амши разгәаҭара иазку аилацәажәара мҩаҧигеит

Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада  Гәынба Бадра Аиааиреи Ахьыҧшымреи рымши Аҟәа ақалақь Ахақәиҭтәра амши разгәаҭара иазку аилацәажәара мҩаҧигеит.

Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Гәынба Бадра Аиааиреи Ахьыҧшымреи Рымши Аҟәа ақалақь ахақәиҭтәреи разгәаҭара иазку аилацәажәара мҩаҧигеит.

 

Аилацәажәара иалахәын Аҧыза-министр Делба Валери, Ахада Иадминистрациа Анапхгаҩы  Ешба Беслан ,  Аҧыза-министр, аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Киут Роберт, атәылахьчара аминистр Ануа Владимир, Арбџьар мчқәа рыштаб хада аиҳабы Вдадимир Савченко, Аҟәа ақалақь Администрациа ахада Агрба Ҭемыр, акультура аминистр ихаҭыҧуаҩ Смыр Динара.

 

Ахада иазгәеиҭеит атәыла аҳәынҭқарратә ныҳәа хада ҳажәлар рзы аҵак ду зламоу  ала иреиҳаӡоу аҩаӡара аҭаны ишеиҿкаатәу.

 

Ахада, атәыла Арбџьар мчқәа рыдҵаҟаҵаҩ хада Гәынба  Бадра идҵала, цәыббрамза 30 рзы,  Аҟәа ақалақь Аидгылара амҩаҟны Ахьӡ-Аҧша апарк аҿы ашәҭшьыҵәрақәа рышьҭаҵара анаҩс имҩаҧысуеит  Атәылахьчара аминистрра аррамаҵзурауааи егьырҭ амчратә еилазаарақәеи злахәу аныҳәатә ныҟәара.

 

Аиааира амш ныҳәазы иаартхоит Аҧсны Асахьаҭыхыҩцәа реидгыла ацәыргақәҵатә зал, иара убас иазгәаҭоуп еиуеиҧшым аныҳәатә уснагӡатәқәа рымҩаҧгара. 

 

Аныҳәатә усмҩаҧгатәқәа рзы Аԥсныҟа иаараны иҟоуп Урыстәыла, Алада Уаҧстәыла  уҳәа егьырҭ атәылақәа рҟынтә асасцәа жәпакы.

 

Ақалақь ахада Агрба Ҭемыр атәыла Ахада адырра ииҭеит цәыббрамза 27 азы, Аҟәа ақалақь ахақәиҭтәра амш азы аныҳәатә программа шеиқәыршәоу.

 

Ахада Аҧыза-министр Делба Владимир адҵа ииҭеит аныҳәа иазку аусмҩаԥгатәқәа ирылахәу    аусбарҭақәа рҽеимаданы русуразы аҭакԥхықәра инапы ианиҵарц аҧыза-аминистр иҳаҭыԥуаҩ Нанба Џьансыхә

 

 

  

Read 7 times Last modified on Ашәахьа, 22 Цәыббра 2025 22:02
aps25