АЖӘАБЖЬ ҾЫЦҚӘА

Ахаша, 24 Цәыббра 2025 21:18

Гәынба Бадра Урыстәыла Аҳәса Реидгыла аделегациа идикылеит

 Аиҧылара иалахәын Аҧсны Аҳәса Реидгыла ахантәаҩы Викториа Хәырхәмал.

Аиҧылараҟны ирылацәажәан аусеицура иадҳәалаз азҵаарақәа, аҧснытәи урыстәылатәи аҳәсақәа рыбжьара аҧышәеимдара, аимадара арӷәӷәара, иара убас азеиҧш проектқәа аус рыдулара.

Аиҧылара алахәцәа Ахада изеиҭарҳәеит арҭ амшқәа рзы  Аҟәа имҩаԥысыз Аҧсни Урыстәылеи аҳәсақәа русеицура иазкыз Аишәа гьежь атәы.

Ахада иҵшьны иҳәеит аҳәынҭқарра ахә ҳаракны ишашьо аҳәса рроль еиуеиҧшым аусхкқәа рыҟны - аполитикаҟны, ауаажәларратә, акультуратә, асоциалтә ҧсҭазаараҟны. Аҳәынҭқарра Ахада иҳәеит аҳәса ахәышҭаара аиқәырхара анаҩсгьы, активла рхы шаладырхәуа атәыла аҧсҭазаара.

Гәынба Бадра иазгәеиҭеит Аҧсны Аҳәса Реидгылеи Урыстәыла Аҳәса Реидгылеи реиҩызара аҵак ду  шамоу. Ахада иажәақәа рыла, ас еиҧш аилибакаареи аусеицзуреи хырхарҭас измоу аимадара аҩ-тәылак рыуаажәлар реизыҟазаашьа арӷәӷәара акыр ишацхраауа.

Аҧсны Аҳәса Реидгыла ахантәаҩы Викториа Хәырхәрмал иазгәалҭеит аамҭа кьаҿк иалагӡаны ари аиҿкаара акрызҵазкуа ауснагӡатәқәа шымҩаҧнагахьоу, жәларбжьаратәи аимадарақәа рымҩақәҵара шалрнашахьо, иара убас Аишәа гьежь аҟны излацәажәаз азҵаарақәа шынанагӡо анаҩстәи аусеицура арҿиаразы.

Урыстәыла Аҳәса Реидгыла ахаҭарнакцәа Аԥсны Ахада иҭабуп ҳәа иарҳәеит аҧхарра зҵаз аиҧыларазы, иазгәарҭеит аҧхьаҟагьы русеицура алҵшәа шаиуа. Иара убас адырра ҟарҵеит Аҧсни Урыстәылеи рзы хәарҭара злоу азеиҧш проектқәа  шазԥхьагәаҭоу.

Read 6 times Last modified on Аԥшьаша, 25 Цәыббра 2025 22:20
aps25