АЖӘАБЖЬ ҾЫЦҚӘА

Аԥшьаша, 25 Цәыббра 2025 22:09

Аҧсны Аҳәынҭқарра Арбџьар мчқәа рыдҵаҟаҵаҩ хада Гәынба Бадра аоператив-тактикатә зыҟаҵарақәа рымҩаԥгара иазку аилатәараҟны иқәгылара

"Ҳаҭыр зқәу аҩызцәа!


Аҧсны Аҳәынҭқарра Арбџьар мчқәа рыҟны архәҭақәа ҩ-ганктәи аоператив-тактикатә зыҟаҵарақәа рзы аҵарашықәс хыркәшахоит жьҭаарамза жьҭаарамза 13 инаркны 17-нӡа.

Ари аԥхьа имҩаҧысит Арбџьар мчқәа ахатәы еилазаара арратә зыҟаҵарақәа. Аҵарашықәс иалагӡаны имҩаҧган 36 усмҩаҧгатә еиуеиҧшым ахырхарҭақәа рыла, аҽазыҟаҵарақәеи  ааоақәеи Аштаб хада аоперативтә еилазаареи архәҭақәеи, аидгыларақәеи архәҭақәеи ркомандатэ елазаареи алархэны.

Архэҭақәа рыҟны имҩаҧган:
арратә аҟәшақәа имҩаԥыргаз аибашьратә хысрақәа 24;
 арратә взводқәа имҩаԥыргаз аибашьратә хысрақәа 12; аротатә тактикатә зыҟаҵарақәа 4 арратә хысра рыцҵаны;  иҷыдоу атактикатә зыҟаҵарақәа 6  арратә хысрақәа рыцҵаны;  Имҩаҧгоуп архәҭақәа анҭыҵтәи рхысрақәа-6.

Иҷыдоу азҿлымҳара аҭан арезервтә шьақәгыларақәа разыҟаҵара, имҩаҧысуан аоперативтә, амобилизациатә, адҵаҟаҵаратә ҽазыҟаҵара аформақәа зегьы рыла.  Акоманда-штабтә зыҟаҵарақәеи аҽазыҟаҵарақәеи агәыҧқәа  рырхәҭақәа "Мрагылара" алархәны имҩаԥгоуп зынӡа -7.  Абар уажәшьҭа ҩышықәсоуп инеиҧынкыланы имҩаҧысуеижьҭеи  иҷыдоу атактикатә  ҽазыҟаҵарақәа арзервтә бригадақәа  алархәны.  Аҵарашықәс иалагӡаны ас еиҧш иҟоу азыҟаҵарақәа 64 мҩаҧысуеит.
Иахьа ҳара иҿыцу аҩаӡарахь ҳхалоит, раҧхьаӡа акәны атәылаҟны имҩаҧгахоит зымҽхак ҭбаау, аҵакы змоу аоператив-тактикатә зыҟаҵарақәа.
Иазгәасҭоит, Аштаб хада ишеиқәнаршәаз, насгьы еиуеиҧшым авариантқәа шцәырнагаз азыҟаҵарақәа рымҩаҧгаразы. Сара иалысхит иагьышьақәсырӷәӷәеит зегь раасҭа иуадаҩыз ахықәкы Адҵаҟаҵаҩ хада иаҳасабала хаҭала азыҟаҵарақәа напхгара рысҭалоит.

оу аҵара  ҳархәҭақәа истандартәым аҭагылазаашьақәааус рыдулара иазҳәоуп, ҳаӷа дызқәымгәыӷуа, Аҧсны адгьылҵакыраҟны имҩаҧыслоит хәымш ирылагӡвны, уахгьы-ҽынгьы, Арбџьармчқәа ррезервистцәа алархәны. Ари аҭакҧхықәра ду рыднаҵоит акомандаҟаҵаҩцәа зегьы.
Иҟаҵәҟьоу аҭагылазаашьа иақәшәо аҧҵаразы, иеиҿкаахоит еиҿагылоу архәҭақәа ҩба,  урҭ аицлабра арежим ала архәҭақәа напхгара рыҭара аадырԥшуеит.

Аоперативтә ҭагылазаашьа есааира амҽхак ырҭбаауа, комплексла архәҭақәа аҭынч ҧсҭазаараҟынтә аибашьра аамҭахь  риагара, аҵакырадгьылтә хьчара иазку аоперациақәа рҽырзыҟаҵареи рымҩаԥгареи.

Ақалақьқәеи араионқәеи радминистрациақәа рхадацәа аҵак ду змоу аҭыҧ ааныркылоит, даргьы алахәхоит амобилизациатә усмҩаҧгатәқәеи атәыла ахьчареи ирызку азыҟаҵарақәа.

Ари азыҟаҵара хықәкыс иамоуп Арбџьар мчқәа реилазаара иалоу аҳәынҭқарратә мчрақәа, аҭыҧантәи аҳәынҭқарратә усбарҭақәа, амчратә еилазаарақәа рылархәра. Аҳәынҭқарратәи аибашьратәи ҵаки змоу амаҵзурауаа зегьы аибашьраан рнапынҵақәа рынагӡареи Арбџьар мчқәа ирыҵанакуа ауснагӡатәқәа рынагӡареи иахьынӡарызхиоу агәаҭара иазку. 

Ҳазҭагылоу имариам аамҭақәа рзы, адунеи иҿыцу ашәарҭарақәа ианырҭагыло, даҽа аамҭанык иеиԥшымкәа ҳара зегьы аруаҩ инаиркны Адҵаҟаҵаҩ хада иҟынӡа зегьы Аҧсадгьылк шакәу иҳамоу, уи ҳшахәҭаку, иара ахьчаразы аҭакҧхықәра хаҭа-хаҭала зегьы ишҳаду".
--

 
Read 4 times Last modified on Аԥшьаша, 25 Цәыббра 2025 22:13
aps25