Аделегациа Аҧсныҟа иааит Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра Аинвалидцәа рфонд ааҧхьарала, уи адгылара аиҭеит Даӷьысҭан Ахада Сергеи Меликов.
Аҳәса Аԥсныҟа раара иалагӡаны иазгәаҭоуп аныҟәарақәа, аҭоурыхтә ҭыҧқәа рҭаара реиҿкаара, зыхшара ҭахаз Аҧснытәи анацәеи дареи реиҧылара.
Аԥсны Ахада иазгәеиҭеит афырхацәа зааӡаз анацәа рыдкылара иара изы акыр шаҵанакуа.
"Шәара шәхьаа еилаҳкаауеит, иаҳзааигәоуп, избанзар жәаҩыла Аҧсны Афырхацәа иҷыдоу арратә операциаҟны иҭахеит. Ҳашьцәа еидгыланы ақәҧара иаҿуп еизҳауа абиҧарақәа аҭынчра рзаагаразы.
Аҧсҭазаара еиӷьны ашьақәыргылараҟны ҳара ҳаӡәыкны ҳаидгылазароуп.
Иахьатәи шәара шәхымҩаҧгара иаҳнарбоит доуҳала шәшыӷәӷәоу. Шәзыниаз агәаҟра шәаиааины шәҧацәеи шәыҧшәмацәеи рус анагӡара шәаҿуп", - иҳәеит Гәынба Бадра.
Аиҿкаара "Акзаара амч" ахантәаҩы Патимат Пеизулаева иҭабуп ҳәа ахылҳәааит аҧхарра зцыз аиҧылареи ааҧхьареи.
"Ҳара ҳааит Аиааира амш ҳхы алаҳархәырц азы, иҭахаз аибашьцәа ҳгәалаҳаршәарц, анацәа ргәы ҳажьжьарц. Ҳгәы иаанагоит аҧхьа ари аҩыза агәаҟра иақәшәаз ргәырҩа шырхыргаз атәы ҳара ҳанацәагьы ирзеиҭарҳәап ҳәа», - азгәалҭеит Патимат Паизулаева.