.
Аконцерт иаҭааит иара убас Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бигәаа Беслан, аԥыза-министр Делба Владимир, Апарламент Ахантәаҩы Ашәба Лаша, Ахада Иадминистрациа анапхгаҩы Ешба Беслан, аиҳабыра алахәцәа, апарламент адепутатцәа, аибашьра аветеранцәа, ауаажәларра ахаҭарнакцәа.
Аконцерт иалагаанӡа иеиҿкаан атеатртә қәгыламҭа «Апоезиа адгьылбжьаха», Аҳәынҭқарратә аҿартә театр актиорцәа аԥсуа поеьцәа ражәеинраалақәа ирыԥхьон.