Аобиект ргыланы аҳҭнықалақь ҳамҭас ианаҭеит урыстәылатәи Атомтә енергиа иазку аҳәынҭқарратә корпорациа «Урысатом» асоциалтә аԥшьгарақәа рынагӡара аҳәаақәа ирҭагӡаны.
Ашҭа еиқәыршәоуп ҳаамҭазтәи ишәарҭадам ахәарратә маҭәахәлы, еиуеиԥшым ақәра змоу ахәыҷқәа ирзынархоуп.
Ахәыҷтәы инфраструктура Аԥсни Урыстәылеи русеицура ахырхарҭа хадақәа ируакуп.