АЖӘАБЖЬ ҾЫЦҚӘА

Аҩаша, 14 Жьҭаара 2025 11:10

Аоперативтә-стратегиатә зыҟаҵарақәа ирылархәу архәҭақәа рҭаара хықәкыс иаман Адҵаҟаҵаҩ хада Гәынба Бадра Очамчыра инеира

Аҭыҧ аҟны Адҵаҟаҵаҩ хада игәеиҭеит арезервистцәа ахьынӡазыҟаҵоу рҿаҧхьа иқәгылоу адҵақәа рынагӡара аус,  ибеит разыҟаҵара зеиҧшраз, аҭыҧантәи адҵаҟаҵаҩцәа драцәажәеит.

Арбџьар мчқәа Рыдҵаҟаҵаҩ хада иныҟәарақәа раан ицын атәылахьчара аминистр Владимир Ануа, Арбџьар мчқәа Рыштаб ада аиҳабы Владимир Савченко, Ашәарҭадара Ахеилак амаӡаныҟәгаҩ Рауль Лолуа.

 
Read 24 times
aps25