АЖӘАБЖЬ ҾЫЦҚӘА

Ашәахьа, 27 Жьҭаара 2025 12:53

Аҧсны Ахада ихаҭыҧуаҩ Очамчыра ахақәиҭтәразы иҭахаз аибашьцәа игәалаиршәеит

Ақырҭуа архәҭақәа рҟынтә Очамчыра ақалақь ахақәиҭтәразы ицоз ажәылара 33 ш. ахыҵра иазкыз аусмҩаҧгатә иалахщын Ахада Ихаҭыҧуаҩ Бигәаа Беслан, Очамчыра араион администрациа ахада Алхас Кациа, анапхгара ахаҭарнакцәа,  ауаажәларра, иара убас иҭахаз ирыцеибашьуази аҭынхацәеи.


1992 ш. жьҭаарамза 26 рзы Мрагыларатәи афронт аибашьцәа ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа рҟынтә Очамчыра ақалақь ахақәиҭтәразы аҽазышәара ҟарҵеит. Уи иалахәыз рхыҧхьаӡараҟны иҟан Борис Ҧачлиа адҵаҟаҵаҩыс дызмаз хьӡи-ԥшеи згымыз агәыԥ "Дед".


Ажәылара хыркәшан трагедиала - аҧсуа еибашьцәа анхьаҵуаз ахысра ӷәӷәа иалашәеит. 33-ҩык злахәыз аибашьцәа ргәыҧ аҟынтә зыҧсы ҭаны иаанхаз маҷҩуп, фҩык ҳәынҷаны иргеит.

--

 
Read 12 times Last modified on Ашәахьа, 27 Жьҭаара 2025 13:29
aps25