АХАДА ИАДМИНИСТРАЦИА АЖӘАБЖЬ ҾЫЦҚӘА

Асабша, 15 Абҵара 2025 12:54

А ԥсны Ахада Ихаҭыԥуаҩ аруаа ҿыц аҭоуба рыдкылара иазкыз аусмҩаԥгатә далахәын

 

 

 

▫️ Ахада Ихаҭыԥуаҩ аруаа ҿыц рахь иҟаиҵаз ааԥхьараҟны иҳәеит: 

 

▫️ «Ҳаҭыр зқәу аррамаҵзурауаа!

 

▫️ Ишәыдысныҳәалоит Шәыԥсадгьыл иашәҭаз иԥшьоу Арратә ҭоуба адкылара.

 

▫️ Шәара есқьынгьы ижәдыруазароуп шәыԥсҭазаараҿы знык ҭоуба шыжәуа. Аԥсны аруаҩ иаҳаҭыр ҳаракны инажәгалароуп. 

 

▫️ Иахьа инаркны шәара шәара шәҟазшьа, шәхаҵара аарԥшра шәалагоит. Шәнапхгаҩцәа, шәҭаацәа, шәҩызцәа рыгәрагара шәаԥсахааит.  

▫️ Ишәхашәмыршҭлан шәышьҭахьҟа Шәыԥсадгьыл шыҟоу. 

 

▫️ Ишәыдысныҳәалоит аҵак ду змоу ари амш!»

 

▫️ Аԥсадгьыл аҿаԥхьа ҭоуба зуыз аруаа ҿыц рыҩныҵҟа дыҟан Ахада Ихаҭыԥуаҩ иԥа – Бигәаа Леон.

 
Read 8 times
aps25