АХАДА ИАДМИНИСТРАЦИА АЖӘАБЖЬ ҾЫЦҚӘА

Амҽыша, 02 Абҵара 2025 21:12

Ахада Ихаҭыԥуаҩ аԥсуа милаҭтә хәмарра «Аимҵакьачаразы» аицлабра даҭааит

 

 

▫️ Ахада Ихаҭыԥуаҩ иаҵшьны иҳәеит амилаҭтә спорт ахкқәа рырҿыхара амилаҭ ахаҿра аиқәырхаразы аҵак ду шамоу, иазгәеиҭеит ари апроцесс аҿар ралахәра ҷыдала агәахәара шунаҭо.   

 

▫️ Аицлабра хацыркын жьҭаарамза 27 рзы, Аҟәа. Уи иалахәуп аҟәатәи ашколқәа №1 и №5 ркомандақәа «Ҷлоу», «Кәтол», Афонҿыцтәи «Аԥсар». Аицлабрақәа хә-хәҭакны ишьақәгылоуп, Аԥсны ақыҭақәа алахәуп. 

 

▫️ Иара убас ихадароу аицлабра инаваргыланы имҩаԥысуеит 18 шықәса рҟынӡа зхыҵуа ақәыԥшцәа рыбжьара аицлабра. Уи иалахәуп Аҟәа, Дәрыԥшь, Ԥақәашь, Ҷлоу хаҭарнакра рзызуа акомандақәа хәба.   

 
Read 10 times
aps25