Атурнир аартра аусмҩаԥгатә далахәын Владислав Арӡынба иԥшәмаԥҳәыс Џьергьениа Светлана, еицырдыруа аспортсменцәа Рашь Хәытаба, Багаҭелиа Борис, зхы иақәиҭу ақәԥара зҽаԥсазтәыз азыҟаҵаҩ Бениа Ӡука.
Аицлабрақәа мҩаԥысуеит ҩымш. Урҭ ирылахәхоит 170-ҩык инареиҳаны Аԥсны, Адыгеиа, Севастополь, Шәача, Краснодар аспортсменцәа .
«Ишәзеиӷьасшьар сҭахуп аицлабра ламысла, уатәнатәуа, иухамышҭуа имҩаԥысырц, аӡбаҩцәа ганкы иадымгыло, ари аицлабра аихьӡара ҿыцқәа рзы раԥхьатәи шьаҿаны иҟаларц», — иҳәеит Бигәаа Беслан.
Аицлабра мҩаԥысуеит Аԥсны Ахада Гәынба Бадра иусԥҟала ирылаҳәоу Владислав Арӡынба ихьӡ зху ашықәс аҳәаақәа ирҭагӡаны.
Асабша, 24 Лаҵара 2025 09:55
АХАДА ИХАТЫԤУАҨ БИГӘАА БЕСЛАН ЗХЫ ИАҚӘИҬУ АҚӘԤАРАЗЫ АИЦЛАБРА ААРТРА ДАЛАХӘЫН
Аԥсны Ахада Ихатыԥуаҩ Бигәаа Беслан Владислав Арӡынба 80 шықәса ихыҵра иазкыз зхы иақәиҭу ақәԥаразы ареспубликатә еицлабра аартра далахәын. Аицлабра мҩаԥысуан Багаԥшь Сергеи ихьӡ зху Аспорт ахан аҟны.
Икьыԥхьуп
Новости Администрации Президента