АХАДА ИАДМИНИСТРАЦИА АЖӘАБЖЬ ҾЫЦҚӘА

Ахәаша, 02 Жәабран 2024 10:21

БАДРА ГӘЫМБА АРАИОНҚӘЕИ АҚАЛАҚЬҚӘЕИ РХАДАЦӘА АЛАРХӘНЫ ИНАРҬБААУ АИЛАЦӘАЖӘАРА МҨАԤИГЕИТ

2024 ш.  жәабранмза 2 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәымба араионқәеи ақалақьқәеи рхадацәеи, амчратә усбарҭақәа рнапхгаҩцәеи, Аиҳабыра рхаҭарнакцәеи алархәны инарҭбааз аилатәара мҩаԥигеит.


Аизара иалахәын Аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб, Ахада Иадминистрациа Анапхгаҩы Абесалом Кәарҷиа.

Аиԥылара аҳәаақәа ирҭагӡаны ирылацәажәан актуалра змаз азҵаарақәа, афымцамч аусхк иадҳәалаз, иара убас изакәанымкәа акриптовалиута арҳара иаҿагыланы имҩаԥгаз аусурақәа рылҵшәақәа.
Афымцамч аусхк инамаданы иахьа иҟоу аҭагылазаашьа зеиԥшроу далацәажәеит Ареспубликатә унитартә наплакы «Амшынеиқәафымцамч» адиректор хада Ҭемыр Џьынџьал. «Аҭагылазаашьа акыр иуадаҩуп: жәабранмза 5 рзы инҵәоит Урыстәылатәи Афедерациа аҟынтә иаарышьҭуа афымцамч»,- иҳәеит иара.

Актәи Аԥыза-министр, афымцамчи атранспорти рминистр Џьасыхә Нанба иажәақәа рыла, иналак-алакны афымцамч арцәара - ари зыда ԥсыхәа ыҟам ҭагылазаашьоуп, еиуеиԥшым амзызқәагьы ирыдҳәалоуп. «Ари хархәара змоу афымцамч азы аизгақәа рыҩаӡара шылаҟәыц илаҟәуп, иара убас Џьвартәи аӡыҵәахырҭаҿы аӡы аҩаӡара лаҟәуп, Ростовтәи Афымцастанциаҟны аԥшьбатәи афымца блок аҟны иазԥхьагәаҭоу арҽеиратә усурақәа цоит, насгьы  Аԥсныҟа  афымцамч аашьҭра алзыршо Алада Урыстәыла агенератортә мыруга амашәыртә ҭагылаазшьа иахҟьаны арцәара»,-иҳәеит Џьансыхә Нанба.

Аизгара ахаҭабзиара аиӷьтәразы имҩаԥгахоит  афымцамч ахархәара агәаҭага мыругақәа рықәыргылара иазку ауснагӡатәқәа. Ареспубликатә унитартә наплакы «Амшынеиқәафымцамч» адиректор хада иажәақәа рыла, 2023 шықәсазы ишьақәыргылоуп 22,5 нызқь мыруга. «Сынтәа 24 нызқь гәаҭага мыруга рзы абиуџьет арбоуп», – иациҵеит иара.

Аилацәажәараан араионтә администрациақәа рхадацәеи амчратә усбарҭақәа рнапхгаҩцәеи  аҳасабрба ҟарҵеит акриптовалиута закәандарала арҳара аҿагыларазы имҩаԥырго аусурақәа рылҵшәақәа рзы. Убас, Аԥсны 2023 шықәсазы зынӡа ирымхын 3284 маининг мыруга: 870 – Гагра араион аҟны, 162 – Гәдоуҭа араион аҟны, 505 –  Аҟәа ақ. аҟны, 204 - Аҟәа араион аҟны, 328 – Гәылрыԥшь араион аҟны, 892 – Очамчыра араион аҟны, 259 – Тҟәарчал араион аҟны, 64 – Гал араион аҟны.

Read 4 times