«Ҳаҭыр зқәу Михаил Александр-иԥа,
Ҳаҭыр зқәу Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәарҭа аусзуҩцәа!
Гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит аҳәынҭқарратә ныҳәа – Урыстәыла Амш.
Рашәарамза 12 Урыстәылатәи аҳәынҭқарра аҭоурых ҿыц аҟны иҷыдоу рыцхәуп. Иара аамҭақәеи абиԥарақәеи реимадара, ажәларқәа ракзаареи урҭ Аԥсадгьыл аҿаԥхьа рҭакԥхықәреи символра рызнауеит. Абри ауп иарбанзаалак ашәарҭара аиааира алзыршоны иҟоугьы. Хәарада, ауаажәларра иҟарҵо адгыларала Иҷыдоу арратә операциа ахықәкқәа рынагӡара алыршахоит.
Аԥсни Урыстәылеи ирыбжьоу аидгыларатә еизыҟазаашьақәа аҳаҭыреиқәҵари агәылаеимабзиареи шьаҭас ирымоуп, аиашазы, иуникалтәу аҟазшьагьы ныҟәыргоит. Агәра згоит арҭ аизыҟазаашьақәа аԥхьаҟагьы аиашьареи астратегиатә усеицуреи раҳасабала аҿиара шроуа.
Ҳаҭыр зқәу Михаил Александр-иԥа, Ацҳаражәҳәарҭа аусзуҩцәа, Урыстәыла ажәлар зегьы ирзеиӷьасшьоит агәабзиара, агәамч, аизҳазыӷьара, аҭынчра.
Урыстәыла амш шәыдысныҳәалоит!»
Аусмҩаҧгатә иара убас иалахәын Аҧыза-министр Алеқсандр Анқәаб, Ашәарҭадара Ахеилак амаӡаныҟәгаҩ Сергеи Шамба, Аҧыза-министр Актәи ихаҭыҧуаҩ, афымцамчи атранспорти рминистр Џьансыхә Нанба, аҧыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган, афинансқәа рминистр Владимир Делба, Ахада Иадминистрациа Анапхгаҩы актәи ихаҭыҧуаҩ Зураб Қаџьаиа, Ахада Иадминистрациа анапхгаҩы ихаҭыҧуаҩ Адгәыр Ашәба, ауаажәларра рхаҭарнакцәеи аполитикатә еиҿкаарақәеи.
Ахаша, 12 Рашәара 2024 10:18
АХАДА ИХАҬЫԤУАҨ БАДРА ГӘЫНБА УРЫСТӘЫЛА АМШ ИАЗКЫЗ АНЫҲӘАТӘ УСМҨАԤГАТӘ ДАЛАХӘЫН
Рашәарамза 12 рзы Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭаҟны имҩаԥысуаз аныҳәатә ҟазшьа змаз адкылара даҭааит. Урыстәыла амш иазкыз аныҳәатә усмҩаԥгатә аан Бадра Гәынба еизаз аныҳәа рыдиныҳәалеит, Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа ихьӡала адныҳәаларатә цҳамҭа даԥхьеит.
Икьыԥхьуп
Новости Администрации Президента