Асабша, 05 Жьҭаара 2024 10:38
Аслан Бжьаниа Ачечен Республика ахада Рамзан Кадыров Иира амш идиныҳәалеит
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Ачечен Республика ахада Рамзан Кадыров Иира амш идиныҳәалеит.Адныҳәаларатә текст аҟны иҳәоуп:"Ҳаҭыр зқәу Рамзан Аҳмаҭ-иԥа!Гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит Шәира амш!Шәара Ачечен Республикеи Урыстәылеи хамеигӡарак ҟамҵакәа рымаҵ жәуеит, ари аҳаҭыр ду шәаԥсаны шәҟарҵоит. Шәара шәнапхгара иабзоураны Ачечен Республика аихьӡара дуқәа шамоу атәы уи анҭыҵгьы ирбоит. Аԥсуа жәлари ачечен жәлари азеиԥш ҭоурыхи аидгылареи шьаҭас измоу аиашьара рыбжьоуп. Ҳара иаҳхашҭӡом Чечентәылантәи хатәгәаԥхарала иааны Аԥсны ахақәиҭтәразы ақәԥараҟны ҳаибашьцәа иарӷьажәҩаны ирыдгылаз.Ҳаҭыр зқәу Рамзан Аҳмаҭ-иԥа, ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, ахирра, аихьӡарақәа аҭакԥхықәра зцу шәусураҟны. Еизҳазыӷьалааит шәыҩнаҭеиԥш, ачечен жәлар зегьы."